Алегендартә хор апрограмма аҿы иҟалоит Урыстәыла жәлар рырҿиаратә ҟазара аҷыдареи ахкырацәареи аазырԥшуа Москватәи, Владимирсктәи, Белгородтәи, Оренбургтәи, уҳәа Урыстәыла егьырҭ аобластқәа рҿы иаԥҵаз жәлар рашәақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп абиԥарақәа аамҭақәа ирылганы иааргаз, рыбзиабара зыдҳәалоу ашәақәа «Ах, ты степь широкая», «То не вечер», «По диким степям Забайкалья», уҳәа убас егьырҭгьы.
Ахәаԥшцәа ирыдгалахоит иара убас аурыс композиторцәа раԥҵамҭақәа: «Великая Россия» (амуз. А. Добронравов, ажә.П. Синиавскии А. Шаганови), «Ходят кони» (амуз. В. Дашкевич, ажә. Иу. Ким), «Конь» (амуз. И. Матвиенко, ажә. А. Шаганов), «Живи страна» (амуз. И. Матета, ажә. Л. Дербениов), уҳәа убас егьырҭгьы.