АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:33

Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла акандидатцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи алхратә кампаниа амҩаԥгараан азакәан мацара рхы иадырхәарц азы ааԥхьара ҟарҵоит.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла акандидатцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи алхратә кампаниа амҩаԥгараан азакәан мацара рхы иадырхәарц азы ааԥхьара ҟарҵоит.

 

Аҳәамҭа:

Аҵыхәтәантәи аамҭазы атәыла аинформациатә ҵакыраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Б. Гәынба иганахь ала ахарадҵара мҩаԥысуеит иара Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра алхратә закәанԥҵареи еилеигазшәа.

Иҟаҵоу ахарадҵарақәа шьаҭас ирымоуп Б. Гунба Аԥсны ахадаи алхрақәа рзы азакәанԥҵара еилеигоит, иара Аԥсны ахада имаҵураҭыԥ ахь кандидатс дыҟоуп, ус анакәха ареспублика ахада инапынҵақәа неигӡаӡом ҳәа иҟаҵоу аԥаршеи ҳәамҭақәа. Ари агәаанагара, Б. Гәынба Урыстәыла иҟазаараан аинтернет ҳақәа рҿы инарҭбааны ирыларҵәан.

Арҭ аҳәамҭақәа Аԥсны алхрақәа рзы азакәан хада иаҿагылоит, Аԥсны атәылауаагьы идырны имҩахырҟьоит Б. Гәынба иҳаҭыр аларҟәра хықәкыс ирымоуп.

Раԥхьа иргыланы Аԥсны Ахада иалхразы азакәан, акандидатцәа ԥсшьара шәцароуп ҳәа ҭакԥхықәра рыднаҵом.

Аконституциатә закәан «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы» аҿы иазгәаҭоуп «Алхратә кампаниа аан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәеи ахада-ихаҭыԥуаас иқәгылоу акандидатцәеи аааглыхратә, ма амаҵзуратә ҭакԥхықәрақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп русуратә ҭыԥ аҿы ироуа ибжьаратәу руалафахәы, алхрақәа рзы иалкаау аԥарақәа рҟынтәи ирызшәо» ҳәа.

 Ари анорма акандидатцәа алхрақәа раамҭазы руалафахәы рзеиқәырхара иазҳәоуп, ԥсшьара ацаразы иҭакԥхықәраӡам.

Аха, ари анорма гәҭакрыла инамгӡаӡакәа иарбан, акандидатцәа аԥсшьара ацара руалԥшьаны иҟоушәагьы иаарԥшын.

Ари аманипулациа хықәкны иамоуп акандидат Б. Гәынба иуалыз аԥсшьарамшқәа имгазшәа, аҳәынҭқарра ахада иаҳасаб ала аусура даҿушәа, ахада ихьӡала аиԥыларақәа мҩаԥигошәа амцтә гәаанагара аԥҵара.

 

 


Read 110 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.