«Ҳазҭоу ашықәс жәабранмза 15 рзы имҩаԥысраны иҟоу ҽҳәараанӡатәи Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа азакән аҳәаақәа ирҭагӡаны, иҭышәынтәаланы ишымҩаԥысуа, алхыҩцәа рыбжьыҭара алҵшәақәа атәыла аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара арӷәӷәареи ауааԥсыра реизҳазыӷьареи Урыстәыла аус ацура аҳәаақәа рырҭбаарала ареспублика анаҩстәи асоциал-економикатә ҿиара ишацхраауа азы агәыӷра ҳамоуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны ҽҳәараанӡа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабранмза 15 рзы. Аҳәынҭқарра Ахадарахь хә-ҩык акандидатцәа ықәгылоуп – иналукааша аԥсуа политик Бадра Гәынба, Урыстәыла Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнакыс иҟаз Олег Барцыц, Аԥсны Аконтрольтә Палата ԥыхьатәи ахантәаҩы Роберт Аршба, Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсныжәлар Реиҿкаара» анапхгаҩы Адгәыр Арӡынба, иара убас абанк «Черноморский банк развития» ахантәаҩы Адгәыр Хәырхәмал.