АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жәабран.2025

Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ианаҭаз ашколтә втобусқәа 20 Аԥсны араионқәа рҿы ибжьалоит.

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ианаҭаз ашколтә втобусқәа 20 Аԥсны араионқәа иазоурыжьит.  

Хԥа-хԥа автобус роуит:

– Аҟәа араион Ешыра, Ӡыгәҭа, Шыцкәара ақыҭа школқәа рзы;

– Гагра араион – Алаҳаӡы, Лӡаа, Цандрыԥшь ақыҭа школқәа рзы;

– Гәдоуҭа араион – Аҷандара, Џьырхәа, Блабырхәа ақыҭа школқәа рзы;

– Гәылрыԥшь араион – Дранда, Уарча, Кацикыҭ  ақыҭа школқәа рзы;

– Очамчыра араион – Ҷлоу, Кәтол, Мықә ақыҭа школқәа рзы;

– Ҭҟәарчал араион – Царча, Чхәартал, Гәыԥ ақыҭа школқәа рзы.

– Гал араион автобусқәа ҩба Галтәи абжьаратәи ашкол №1, иара убас Абырқыҭ ақыҭа абжьаратәи ашкол рзы.

Иааиуа амшқәа рзы "ГАЗель NEXT" амаркала автобусқәа бжьалоит араионқәа рҟны ашкол иацәыхароу аҭыԥқәа рҟны. Урҭ аҵаҩцәа рымацара ракәымкәан, арҵаҩцәагьы ақыҭа школқәа рахь иргалоит.

Автобусқәа рыҭара азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Аԥсны аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиеи Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр Сергеи Уравцови Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз реиԥылара аҿы.

Акциа анагӡара алыршахеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсныҟа иаара аан.

Автобусқәа раара иадҳәалаз аныҳәатә усмҩаԥгатә ахь ашколхәыҷқәа ирыдныҳәаларц иааит Аԥсны аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа, Урыстәыла аҵара аминистр иабжьгаҩ Владимир Желонкин, Урыстәылазегьтәи аиқәырхаҩцәа астуденттә корпус анапхгаҩы Евгени Козеев, аконцерн «Росэнергоатом» ҳаамҭазтәи аспорттә технологиақәа Рцентр адиректор Хада Сергеи Фомин.

 

 

 


Read 259 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.