pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҿы амедицинатә усуҩцәа Ахылаԥшырҭа амедалқәа  «Аҭыԥантәи агәабзиарахьчара аҿы алагала азы», «Агәабзиарахьчараҿы зҽалызкааз», иара убас Амедицинатә усзуҩ Имш азы аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҳамҭақәа ранаршьара мҩаԥыргеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи агәабзиарахьчара аусзуҩцәа рзанааҭтә Еидгыла ахантәаҩы Марина Шанааи.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Урыстәылатәи Афедерациеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара азы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла Ахада ихаҭарнак, Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Ефимов диԥылеит.

Аиԥылара аҿы Муҳаммад Али Алеқсандр Ефимов Урыстәыла Амш идиныҳәалеит, урыстәылатәи ажәлар аҭынчреи аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи, иҿыцу аиааирақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьаишьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза 12, 2024 шықәса рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыгылара азы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа Рыцхантәаҩцәа  – Алада Кавказ ала Европатәи атәылақәа Реидгыла аҟынтәи иҷыдоу ахаҭарнак Тоиво Клаар, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнак Џьихан Султаноглу, иара убас Алада Кавказ ала Европатәи атәылақәа Реидгыла Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы   Виорел Мошану дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура..

Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аконсултә департамент анапхгаҩы Лаша Аҩӡбеи Ааигәа Мрагылареи Африкеи рдепартамент анапхгаҩы Артур Гагәылиеи.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәыла аиустициа аминистр Ахммад Авад Аль-Саиед диԥылеит.

Аиԥылара аҿы Шьамтәыла аиустициа аминистр ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аизыҟазаашьақәа адипломатиатә ҩаӡара аҿы рырҿиареи рырӷәӷәареи иаҵоу аҵакы ахадара ахгәеиҭеит. Уи Шьамтәыла Ахада Башар Асад ажәларқәа ахьыԥшымразы рзинқәа рыхьчареи аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аполитика аҽаламгалареи дшадгыло атәы далацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи асоциал-економикатә усеицура азы аԥсны-урыстәылатәи Анапхгарабжьаратәи акомиссиа алахәылацәеи Урыстәыла анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәа – аекономикатә ҿиара Аминистра, афымцамч Аминистрра, атранспорт Аминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аџьа Аминистрра, аҵара Аминистрра ахаҭарнакцәеи алархәны   аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Ари аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесовеи.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 13 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент  Аиҳабы  Лаша Ашәбеи Ареспублика Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭхеилак ахантәаҩы Фарид Мухаметшини реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, акультуреи аҿари аспорти русқәақәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Венори Бебиа, аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Демур Гогиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә олимпиатә Комитет апрезидент Валери Аршба.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара амассатә информациақәа рхархәагақәа русхкы аганахьала аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара хықәыс измаз Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аинформациа аминистр Бутрос Халлиаки реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара аҿы аганқәа ахәҭакахьала амассатә информациа ахархәагақәа русхы аҿы атәылақәа рыбжьара аҩганктәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аминистр Бутрос Халлиак Шьамтәыла аинформациа Аминистрра амедиатә кадрқәа разыҟаҵара, амедиапроектқәа реицынагӡара,  ажәабжь ҿыцқәа рыла аимдара, уҳәа Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара амассатә информациа ахархәагақәа русхкы ахырхарҭала аԥсуа ган аус ацура азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ишазхиоу азгәеиҭеит.  

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  мышктәи аныҟәарала Ачечентә Республика аҳҭнықалақь даҭааит. Иахьа, рашәарамза 8 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Ачечентә Республика Ахада Рамзан Кадыров иҟаиҵаз ааԥхьара инақәыршәаны мышктәи аныҟәарала Грозныи днеит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.Абри азы адыррақәа ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.   

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәара иацҵаны имҩаԥысуеит. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны Аҳәынҭқарра Ахада   аиԥыларақәа жәпакы дрылахәын. 

Имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  Антон Ваинои уи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки рԥылара. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.