pressadmin-2
Архангельск Аҟәа ақалақь Амш азы адныҳәалара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳҭнықлақь аиашьаратә қалақь Архангельск иаатит Аҟәа ақалақь иазку афотоцәыргақәҵа. Еицынагӡахо апроект иахьӡуп «Архангельски Аҟәеи: аҩызара ацҳақәа», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.
«Иџьашьахәу» ақалақь Амш азгәарҭеит Т.Шамба ихьӡ зху апарк аҿы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Алакә» ҳәа изышьҭоу Т. Шамба ихьӡ зху Аҟәатәи апарк аҿы Аҟәа ақалақь 2509-шықәса ахыҵра иазкны ахәыҷқәа рзы еиҿкаахеит агәмырҿыӷьратә усмҩаԥгатәқәа.
Асааҭ 10:00 инаркны апарк ахәыҷқәа ауаргьалақәа рықәтәареи абатутқәа рҿы аԥареи асахьақәа рҭыхреи ахәмаргатә ԥсыӡқәа рыкреи рзы алшара рзаԥнаҵеит.
Зыхәԥсаҵәҟьа 50 ԥсар иҟоу агәаларшәагатә банкнота «Дельфин» аӡыргара мҩаԥган Гонконг имҩаԥысуаз ахәаахәҭра-цәыргақәҵа аҿы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә банк рашәарамза 19 – 22, 2025 ш. Гонконг имҩаԥысуаз XIV Жәларбжьаратәи анумизматтә ахәаахәҭра-цәыргақәҵа (HKINF) ахы аланархәит.
HKINF Азиа идуӡӡоу анумизматикатә хҭысны иҟоуп, уи адунеи 40 инареиҳаны атәылақәа рҟынтәи акредиттә еиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи аколлекционерцәеи рхы аладырхәеит.
Аԥсны Абанк иааиԥмырҟьаӡакәа иԥхьагылоу жәларбжьаратәи анумизматикатә цәыргақәҵақәа, аконференциақәа ахы аланархәеит, Европа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Азииа ихадоу анумизматикатә ҭыжьымҭақәа рҿы апубликациақәа рыла иқәгылоит. Ари Аԥсны Абанк HKINF аԥшьынттәи алахәхара ауп, уи азаиаттә хырхарҭа иахьатәи амш азы зегьы реиҳа аперспектива злоу акакәны иԥхьаӡоуп. Ацәыргақәҵа идуӡӡоу анумизматикатә плошьадка аҳасабала ишьақәгылоуп, уи аҿиара бзиеи адҵаалара ӷәӷәагьы амоуп. Араҟа аԥснытәи аԥараҿырԥқәеи абанкнотқәеи азҿлымҳара ду аиуит.
Славианск-на-Кубани аҟынтәи иааз амҵәышәмпыласыҩцәа «С.У.Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа» агараҿы аиааира ргеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Славианск-на-Кубани аҟынтәи акоманда амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир «С.У.Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа» аҿы аиааира ргеит. Ихадоу аматч аҿы ҟәбинаа волгоградтәи акоманда асчиот 104:88 ҳәа ириааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аҟәеи Самареи жәларбжьаратәии адәныҟа-економикатәи аизыҟазаашьақәа рынагӡаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадареи Самара ақалақьтә округ Ахадареи рыбжьара жәларбжьаратәии адәныҟа-економикатәи аизыҟазаашьақәа рынагӡаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрбеи Самара ақалақьтә округ ахада Иван Носкови.
Аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламенти Аҟәа ақалақьтә Еизареи адепутатцәа, ақалақь Амш азгәаҭаразы Аҟәаҟа иааз асасцәа.
Самареи Аҟәеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара – ари баша иформалу усмҩаԥгатәӡам, ари аиқәшаҳаҭра иҭышәынтәалоу аусеицуреи, аиҩызареи, аилибакаареи рзы иӷәӷәоу цҳаны иҟалоит, ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба.
Сократ Џьынџьал Аҟәа Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа ахьӡ шихҵоу азы аршаҳаҭга шәҟәы ирҭеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иналукааша Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ Сократ Џьынџьал аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи ақалақь аҿиареи рҿы иҷыдоу илагалазы Аҟәа ақалақь Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа ахьӡ ианаршьеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев иира Амш идиныҳәалеит.
Олег Барцыц иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭаҿы, ахәҭакахьала иазгәеиҭеит:
«Аԥсни Приднестровиеи акыр шықәса аиҩызареи аусеицуреи рыла ишьаҭарку аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. 1993 шықәса раахыс, аиҩызареи аусеицуреи рзы раԥхьатәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра анымҩаԥгаз ашьҭахь, ҳара ҳтәылақәа аполитикатә, аекономикатәи агуманитартәи усхкқәа рҿы реимадарақәа рырӷәӷәареи есааира рырҭбаареи иаҿуп.
Агастрофестиваль «Аԥсуа аишәачара» Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысуеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь, С. У. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысуеит агастрофестиваль «Аԥсуа аишәачара». Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа рхәыҟаҵаҩцәа 15-ҩык адәынтәи аишәақәа дырхиеит.
Агастрофестиваль иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, ақалақь Амш азгәаҭаразы Урыстәылантәи иааз асасцәа.
Аҟәа иазгәарҭоит ақалақь 2509-шықәса ахыҵра.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, ԥхынгәымза актәи асабшазы Аԥсны иазгәарҭоит ақалақь Амшныҳәа. Ари аӡбамҭа уи азы ҷыдала иаԥҵаз акомиссиа аҿы ирыдыркылеит ажьырныҳәамза 28, 2016 шықәса рзы.
Иахьа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.
Иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩцәа Авҭандил Сурманиӡе, Асҭамыр Ашәба, Константин Ҭарбеи Инал Аҩӡбеи, Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара рхы аладырхәырц иааз Москвеи Санкт-Петербурги анапхгарақәа рхаҭарнакцәа, ақалақьқәа Самара, Нижни Новгород, Луганск, Тамбов, Ростов-на-Дону, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи асасцәа, аҳҭнықалақь Ахадара аколлектив, ақалақь ауааԥсыра, асасцәа.
Гәынба Бадра Николас Мадуро Венесуела Ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахада Николас Мадуро Венесуела ареспублика Ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Ахада!
Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар рыхьӡала хаҭаоа сара сыхьӡала Шәара аҧхьа шәнаргыланы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела ажәлар ирыдысныҳәалоит амилаҭтә ныҳәа - Ахьыҧшымра Амш.
Ари амш символра азнауеит венесуелатәи ажәлар аиааиреи асуверенитети рацәхьамҵра, иара убас аиашареи ихьыҧшымкәа аҿиареи ирызку аидеалқәа ишрыдгыло.








