16 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 8 рзы 16 шықәса ҵуеит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар арыцҳара ду рхыргеижьҭеи. Нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит. Уи иаиуит даҽа хьӡыкгьы – «хәымштәи аибашьра».
2008 шықәса, нанҳәамза 8 ауха икаххаа ацәа иалаз Цхинвали уи акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ҳәа изышьҭоу аибашьыга бџьар ала ахымца рыжәырҵеит. Хықәкысгьы иҟаз акакәын: ареспублика цҟьа-шәҟьа ақәҵара.
Август 7 ахәылԥаз, 19:40 азы Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ажәлар рахь ихы нарханы иҳәеит ахәылԥаз ақырҭуа архәҭақәа зегьы адҵа шриҭаз Цхинвалтәи арегион аҿы аҭак хымца аадмыртырц. «Исҭахуп абыржәы ақырҭуа полициаа иреихсуа рахь схы сырхарц. Ҭакԥхықәра дула исҳәарц сҭахуп сааҭқәак уажәаԥхьа даара иуадаҩыз аӡбамҭа шсыдыскылаз – хымцала аҭак аҟамҵара», – иаҵишьит Қырҭтәыла апрезидент гьангьаш. Х-сааҭк ааҵуан Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла иақәлеит.
Қырҭтәыла анапхгара ақәгәыӷуан сааҭқәак рыла Аахыҵ-Уаԥстәыла ампыҵахалара, адырҩаҽны Цхинвал «аиааира згаз рпарад» амҩаԥгара.
Аибашьраан ирбган, ааха рыҭан аҭынч уааԥсыра рыҩнқәа 745, ҩышә инареиҳаны анаплакқәеи аусҳәарҭақәеи рҳәын, иԥыххаа иқәҵан. Иҭахеит, ахәрақәа роуит шәҩыла акымзарак зхарамыз ауаа, убрахь иналаҵаны Урыстәылатәи аррамаҵзуҩцәа 72-ҩык.
Ацәыӡ дуқәа шаиузгьы Аахыҵ-Уаԥстәыла, уи ахьчаҩцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи ирыбзоураны ршьамхы адмырсит. Агрессор мчыла аҭынчрахь акылгаразы Урыстәыла ианаамҭаз иҟанаҵаз ашьаҿақәа ирыбзоурахеит анаҩстәи ашьакаҭәара аанкылара.