Есышықәса Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аԥсны абжьаратәии иреиҳаӡоуи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо рыбжьара аҳәынҭқарратә шәарҭадара аиқәыршәара аусхы аҿы аспециалистцәа разыҟаҵаразы алԥшаарақәа мҩаԥнагоит.
06.Нанҳәа.2024
Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ркурсантцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгареи реиԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ркурсантцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгареи реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо аподполковник Дмитри Кәычбериа акурсантцәа абжьгарақәа риҭеит, рҵара аҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьаишьеит, иара убас раԥхьаҟа ртәыла ашәарҭадара ахьчараҿы ирыхәаша адыррақәеи алшарақәеи шроуа азы агәыӷра ааирԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.