Сергеи Шамба иганахьала иҳәеит, иқәыԥшыз аԥсуа дипломатиа ашьақәгылара шымҩаԥысуаз урыстәылатәи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, британиатәи, германиатәи, америкатәи, афранцызтәқәа реиԥш иҟаз адипломатиатә школқәа аус рыцураан». Уи иажаәақәа рыла, арҭ аамҭақәа даҽакын, имариамыз аамҭақәан. Иахьагьы иара убас, адунеитә система аиҭашьақәыргылара анымҩаԥысуа, Аԥсны абри апроцесс иалагылоуп.
Иглобалтәу аиҭакрақәа, аимакқәа мҩаԥысуеит географиала ҳтәыла инацәыхарамкәа. Убри аан политикала ииашаны аусура аиҿкаара, адипломатиа аҭахуп. «Ҳара аиҭакра дуқәа ҳрызхиазароуп. Ииашоу адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аполитика амҩаԥгара ҳалшар, арыцҳарақәа ҳрыцәцоит», - ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба. Атәыла анапхгара ирҭаз агәрагаразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.