
pressadmin-2
Аԥснытәи аспортсменцәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы аицлабрақәа рҿы аџьазтә медалқәа ргеит.
Аҟәа. Рашәаамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аиқәԥаҩ Даниил Харчлаа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы аицлабрақәа рҿы аџьазтә медал игеит.
Аџьазтә медал агаразы аиндаҭлара аҿы иара 65 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанауа Китаитәи аспортсмен асчиот 11:0 ала дииааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Еилкаахеит ареитингтә ашахматтә еицлабрақәа «Алашара – иқәыԥшу агәыӷрақәа» рҿы аиааира згаз.
Аҟәа. Рашәарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 15-16 рзы иацҵахеит традициала еиҿкаахо
Ареспубликатә хәыҷтәы реитингтә шахматтә еицлабрақәа Алашара – иқәыԥшу агәыӷрақәа».
100-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа злаху арҭ аицлабрақәа мҩаԥгахоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь Ахадареи иҟарҵо адгылара иабзоураны.
Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа азгәарҭоит.
Аҟәа. Рашәарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа, адунеи зегьы аҿы аԥсылмантә дин ныҟәызго зегьы реиԥш, сынтәа рашәарамза 16 иақәшәаз, аԥсылмантә ныҳәа хадақәа ируаку Кәырбанныҳәа азгәарҭоит. Кәырбанныҳәа, мамзаргьы араб бызшәала - Ид аль-Адха —аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа ируакуп, аҳаџьныҟәара хнаркәшоит. Аҳаџь - аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Кәырбан-Баирам аныҳәа акәзар, зуль-хиджа амза а-10-тәи амш (аԥсылманцәа рымзар ала а-12-тәи амза) ауп иаанаго.) Кәырбан-Баирам — ԥсыламан ныҳәоуп, иазгәарҭоит аныҳәа Ураза-Баирам ашьҭахь 70 мшы анҵлак. Аԥсны иара ахатәы милаҭтә хьӡы амоуп – Кәырбанныҳәа. Уи иусуратәым ныҳәамшны ирылаҳәоуп.
Традициала ишаԥу еиԥш, Кәырбанныҳәа аҽны аҟәатәии гәдоуҭатәии аџьамаақәа рҿы ашьыжь шаанӡа анамаз мҩаԥыргеит, аныҳәатә абжьагажәа иаԥхьеит.
Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Напхгараҭара амыфҭы ареспублика иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа инамаданы дрыдныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу сашьцәеи, саҳәшьцәеи, Аԥсны аԥсылманцәа!
Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Напхгараҭара ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала хәыҷи-дууи зегьы ишәыдысныҳәалоит Аԥсылман зинхаҵара ныҟәызго зегьы рзы ихадоу аныҳәақәа иреиуоу - Кәырбанныҳәа (Курбан-Байрам).
Зегь Зымчу Аллаҳ сиҳәоит шәара иҟашәҵази ҳара иҟаҳҵази аԥсаҭатә, аматанеирақәа, хра злоу аусқәа идикыларц, ҳагәнаҳарақәа ҳанеижьарц, амҩа иаша ҳирбарц!
Аллаҳ сиҳәоит доусы ҳагәқәа аразреи, арыцҳеибашьареи, ачҳареи абзиабаралеи рзы иаатны иҟаларц, ҭаацәаныла зегьы аилибакаареи аманшәалареи ҳаурц!
Иа, Аллаҳ! Улԥха, угәыԥха ҳацзааит! Ҳтәылаҿы ашәарҭадареи аҭынчреи шьақәгылааит, аизҳазыӷьара ҟалааит»!»
Аслан Бжьаниа амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамш азы аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵара азы Аусԥҟақа инапы рыҵаиҩит.
Аҟәа. Рашәарамза 16,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа аҽны «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рхиҵеит. Убас агәабзиарахьчара аусхкы аҿы рлагалеи шықәсырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала аусуреи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы» ранашьахеит:
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи дрыдныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә амаҵзура аԥҵоижьҭеи 32 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит Аҳәынҭқарра ахьчаратә амаҵзура Аиҳабы Дмитри Дбар, аусзуҩцәа, аветеранцәа.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарратә Ахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа, аветеранцәа!
Ишәыдысныҳәалоит амаҵзура аԥҵоижьҭеи 32 ш. ахыҵра.
Аԥсны аҭоурых аҟны абри амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара ахьчаразы ауасхыр шьҭаҵан. Аҳәынҭкарратә ахьчара амаҵзура -аӡәыкны еидгылоу, зус иазҟазоу, иара убас апатриотцәа еидызкыло коллективуп.. Ахатә еилазаара есҽны ахаҵареи, агәаӷьреи, гәык-ҧсык ала аҧсадгьыл азыҟазааразы иуадаҩу ашәарҭаратә ҭагылазаашьаҟны аҧышәара иахысуеит. Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура еснагь аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа ирласны, ииашаны рынагӡара иазхиоуп.
Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Курбанныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 16, 2024шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Курбанныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа гәык-ԥсык ала Курбанныҳәа рыдысныҳәалоит. Иԥшьоу аҭыԥқәа рныҟәара иазҳәоу ари аныҳәа аҵак дуӡӡа амоуп, ауаа ракзаара, реихӡыӡаара, ррыцҳаибашьара, ауаажәларраҟны ауаҩра, аидгылара, аиашара аидеалқәа рышьақәырӷәӷәара иазкуп.
Аԥсны иҟоу аԥсылман уаажәларра атәыла аԥсҭазаараҟны инанагӡо ароль маҷӡам амилаҭбжьаратә, аконфессиабжьаратә еизыуаара шьақәырӷәӷәо. Аҭаацәаратә ҵасқәа реиқәырхараҟны, изызҳауа абиԥарақәа рааӡараҟны, агәыҳалалратә цхыраара аҟаҵараҟны, иара убас асоциалтәи аҵараиуратәи аԥшьгарақәа рынагӡара аус аҟны уи алагаламҭа азгәаумҭар ҟалом.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсылманқәа Курбанныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә усбарҭа ахантәаҩы, амуфти Ҭ. Л. Ӡыба ихьӡала иҟаҵоу адныҳәалараҟны иҳәоуп:
Мактина Џьынџьалԥҳа ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2023 шықәсазы инанагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟалҵеит.
Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2023 шықәсазы инанагӡаз аусура азы аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада иинформациатә Центр аҿы.
Аусмҩаԥгатә аартуа, Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Аԥсны ахәыҷра аинститут аҭагылазаашьа атәы. Уи иҟалҵаз аҳасабырба инақәыршәаны, 2023 шықәсазы Азинхьчаҩы Иаппарат ахь инашьҭын 65 рзаҳал. Урҭ рахьынтә иҩны еиқәыршәаз арзаҳалқәа – 41, ҿырҳәала иҟаҵаз аҳәамҭақәа – 15, иаарту аинформациа азхьаԥшра – 9.
«Хыхь иаагоу астатистика 3,5% рыла 2021-2022 шш. рзы иаашьҭыз арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара аасҭа еиҳауп», - ҳәа иазгәалҭеит аобмудсмен. Анаҩс лара араионцыԥхьаӡа аҟынтәи иаашьҭыз арзаҳалқәа рыстатистикатә дыррақәа аалгеит. Урҭ реиҳарак Аҟәантәи иаашьҭын – 16. Егьырҭ атерриториалтә еиҿкаарақәа рыла: Аҟәа араион – 13; Гагра араион – 8; Гәдоуҭа араион – 6; Гәылрыԥшь араион – 7; Ҭҟәарчал араион– 7; Очамчыра араион – 5; Гал араион – 3.
Зыдгалара мҩаԥгаз аҳасабырба инақәыршәаны, арзаҳал алазҵаз реиҳараҩык аамҭак ала ахәыҷы иԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа рҿы иҟоу апроблемақәа рырбара иазкын.
«44,9% арзаҳалқәа зықәра наӡам рганахьала амчмырхара иадҳәалан; 33,3% – ахәыҷы аҭаацәа рҿы инхареи иааӡареи иуацәа рымадареи рзы имоу азин аилагара иадҳәалан; 8,7% зықәра наӡам рхаҭара шьақәзыргыло аусшәҟәқәа рымамзаара иадҳәалан; 7,2% – ахәыҷы аҵарадырра аиуразы имоу азин аилагара иадҳәалан; 5,8% – ааӡаԥса ашәара аҽахгара иадҳәалан», – ҳәа илҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭахацыркра азы апроект анагӡара ахылаԥшара азы иаԥҵоу аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусура аиҭахацыркра азы апроект анагӡара ахылаԥшара азы иаԥҵоу аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит.
Аилатәара иалахәыз аҳаирбаӷәаза аусура алагареи анаҩстәи уи ахархәареи ирыдҳәалоу ҳаамҭазтәи азҵаарақәа ирылацәажәеит. Урҭ иреиуоуп: аҳаирбаӷәаза аҿиара амастер-план, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсни рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара апроект анагӡара амҩақәҵага-хсаалага аиқәыршәара, апроект анагӡара афымцамч ала аиқәыршәара, уҳәа егьырҭ, апроект анагӡара иадҳәалоу ҳаамҭазтәи актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы.
Руслан Ҳашыг ииубилеи азгәеиҭоит.
Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 14 рзы 65-шықәсатәи ииубилеи азгәеиҭоит ажурналист, апублицист, Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист, Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Ажурналисттә еидгыларақәа Рконфедерациа Жәларбжьаратәи апремиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара аорден занашьоу, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, ателеканал «Абаза-ТВ» адиректор Хада Руслан Ҳашыг.
1998 шықәса инаркны 2003 шықәанӡа иара Аҳәынҭқарратә информациатә Агентра «Аԥсныпресс» адиректор Хада имаҵураҭыԥ ааникылон.
2007 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Руслан Ҳашыг ареспублика зегьы иахьаҵанакуа адырраҭарақәа назго раԥхьатәи, ихьыԥшым ателекомпаниа «Абаза-ТВ» напхгара аиҭоит.
Ареспубликатә аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» Руслан Мкан-иԥа ииубилеи инамаданы идныҳәалоит.
«Шәара, шықәсырацәа инеиԥынкыланы инашәыгӡоз хра злоу апрофессионалтә усурала Ареспублика Аԥсны ажурналистика аҿира аус аҿы шәлагала ду ааншәыжьит. Шәара шәзанааҭдырра, шәыгәаӷьреи шәыпрофесионалтә гәазҭазаареи инашәыгӡо аус арҿиаратә знеишьеи ирыбзоураны, ателеканал «Абаза-ТВ» ахәаԥшцәа аиашазы аинтерес зҵоу адырраҭарақәа рыднагалоит.