АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2024

Хабарда ибжьаӡыз рзы Акомиссиа хаҭалатәи аилазаара шьақәирӷәӷәалоит аԥыза-министр.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рзы Акомиссиа азы» Ақәҵара аиҭакрақәа аларгалеит.

Ақәҵара апунк 1 аредакциа ҿыц абасала ишьақәгылоуп:

«1. «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рзы Акомиссиа аԥҵазааит».

  1. Ақәҵара ала ишьақәырӷәӷәоу «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рзы Акомиссиа азы Аԥҟара» (анаҩс – Аԥҟара) абарҭ аиҭакрақәа алагалазааит:

1) Аԥҟара I ахәҭа абзацқәа 1.3; 1.4 абри аредакциаҿы ишьақәгылазааит:

«1.3. Акомиссиа хаҭалатәи аилазаара Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр иоуп ишьақәзырӷәӷәо.   Акомиссиа аиуристтә хаҿны иҟаӡам.

1.4. Акомиссиа аусура аиҿкаара-техникатә еиқәыршәара аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭа, мамзаргьы знапхгаҩы (ахаҭарнак)  иҟоу аԥҟарақәа рыла Акомиссиа ахантәаҩы ила иаҭахо егьи аҳәынҭқарратә усбарҭа иадҵахоит.   

2) Аԥҟара ахәҭа III абзацқәа 3.1, 3.2, 3.3, 3.4 абри аредакциаҿы ишьақәгылазааит:

«3.1. Акомиссиа аилазаара аҿы иҟалоит Акомиссиа ахантәаҩы, ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ, иара убас Акомиссиа аусура хәыда-ԥсада зхы алазырхәуа уи алахәалацәа.

3.2. Акомиссиа ахантәаҩы: – Акомиссиа аусура еиҿикаауеит, иара убас уи аӡбамҭақәа рынагӡара ахылаԥшра аиҭоит;

– Акомиссиа алахәылацәа 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ауаа ирлахьынҵахаз аилкааразы имҩаԥгахо аиҿцәажәарақәа рылахәхара еиҿикаауеит;

– Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр Акомиссиа аусдырра (акомпитенциа) иаҵанакуа азҵаарақәа рыла инапынҵақәа рынагӡара еиҿикаауеит;

– Акомиссиа алахәылацәа амаҵуратә ныҟәарақәа рахь рышьҭра ахымԥадатәра шьақәиргылоит;

– Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр иҿы Акомиссиа аусура азы есԥшьбаратәи аҳасабырба ҟаиҵоит.

3.3. Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ:

– Ахантәаҩы инапынҵала хазы игоу анапынҵақәа наигӡоит;

– Ахантәаҩы дыҟамзар, мамзаргьы уи еиуеиԥшым амзысқәа рыла иҭакԥхықәра анагӡаразы алшара имамзар, ахантәаҩы ихаҭыԥан аус иуеит.  

3.4.  Акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ:

–  аусеилыргара амҩаԥгара еиҿикаауеит;

– Акомиссиа аилатәарақәа рыпкаанҵақәа еиқәыршәаны архив иаиҭоит».

 

 

 

 

 

 


Read 48 times - Ахәаша, 02 Нанҳәа 2024 19:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.