АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Нанҳәа.2024

Иахьа Аҟәа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит ауажәларратә-политикатә усзуҩы Џьансыхә Гәыбаз.

Аҟәа. Нанҳәамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.    Џьансыхә Гәыбаз аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аиҳабы, Аҧсны аҧыза-министр актәи ихаҭуҧуаҩ Џьансыхә Нанба иқәгылараҿы иазгәеиҭеит: «Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаагоит Аԥсны ахьӡ-аԥша змаз аԥа иаша – Џьансыхә Шьаҭыгә-иԥа Гәыбаз.

Џьансыхә Шьаҭыгә-иԥа Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаара аҿиараҿ акыршықәсатәи илагала дуқәа иаадырԥшуеит – аԥсадгьыл апатриот иаша иакәны, аҟәыӷара дуи, аҟыбаҩи, адырра ҵаулақәеи иманы дшыҟаз».

Аҧыза-министр актәи ихаҭуҧуаҩ иазгәеиҭеит Аԥсны иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩы иџьатә усура шхациркыз акомҿар аҿы  аусурала: аԥхьа дыҟан Гәдоуҭа араионтә комҿареидгыла аилак ашколтәи апионертәи усура рыҟәша аиҳабыс, анаҩс – Ҟазахсҭан адгьыл аӡақәа рышьҭыхрахь амҩа иқәлаз Аԥсны акомҿареидгылатә аотриад анапхгаҩыс драԥхьагылан, Аҟәа ақалақь акомҿареидгыла аилак аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан. 1963 шықәса инаркны 1977 шықәсанӡа напхгара аиҭон Аԥснытәи АССР абаҩырҵәыреи аспорти рзы Аилак. 1986 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа жәлар рдепутатцәа Аҟәа ақалақь аҿтәи Рхеилак ахантәаҩыс дыҟан, изныкымкәа далырххьан Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩыс.

«1989 шықәсазы Џьансыхә Шьаҭыгә-иԥа иаԥшьгамҭала  Аҟәеи Адаԥазари иеишьцәоу ақалақьқәа ҳәа рыҟаларазы аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵеит. Ҭырқәтәылатәи Адаԥазар аҿы иаартуп Џьансыхә Гәыбаз ихьӡ зху апарк.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Џьансыхә Гәбази иԥҳацәа Мариеи Татианеи ахәра ӷәӷәақәа зауыз Аԥсны аибашьцәа ацхыраара рырҭон, еиҿыркаауан ареспубликахь агуманитартә цхыраара ааршьҭра. Заб, Шьаҭыгә Абзагә-иԥа Гәыбаз, 1937 шықәсазы арепрессиа далаӡыз Џьансыхә Гәбаз ибзиаӡаны иныруан арепрессиа аџьамыӷә цәгьа зхызгаз аҭаацәарақәа рлахьынҵа ахьанҭара, уи азоуп ареспубликаҿы аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рыхьӡ зырқьиашаз акомиссиа аԥҵара алшартә изыҟаиҵаз», - азгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.


Џьансыхә Шьаҭыгә-иԥа Аԥсны ахьӡ ҭигон аспорт аганахь ала, хәызмаӡам илагала алоуп абаҩырҵәыреи аспорти рыҿиара. Шьарда хәарҭара змаз иусқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абаҩырҵәыреи аспорти русхк аҟны зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амҵәышәымпыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟаза ҳәа ахьӡқәа ихҵан, ианашьан аорден «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара.
Жәохә шықәса инарзынаԥшуа Џьансыхә Гәыбаз напхгара аиҭон абаҩырҵәыреи аспорти рзы ареспубликатә еилакы, иара ицхыраарала Аԥсны иреиӷьӡаз аспортсменцәа Асовет Еидгыла еизгоу акомандақәа ирылахәын, СССРи, Европеи, Адунеи Аолимпиатәии ахәмаррақәа ирчемпионцәан иҟалахьан, Аҟәатәи «Динамо» ахәмарыҩцәа ракәзаргьы СССР ачемпионат иалахәылахахьан. 
Иара убри аамҭаз ауп Ешыра Аидгылазегьтәи аспорттә еилакы аолимпиатә база аргылара анхацдыркызгьы.

«Ихыркәшахеит иԥсҭазаара мҩа зыжәлари зуси бзиа избоз, зыхьӡи-зыԥшеи еицырдыруаз ауаҩ ду.
Џьансыхә Шьаҭыгә-иԥа иԥсҭазаара иалҵра Аԥсны иқәынхо зегьы рзы ицәыӡуп, агәыхь аҵоуп. Аха ажәлар ргәалашәараҿы уи ихьӡ кашәара аиушам», - азгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.

«Џьон иџьабаа аҳәынҭаққрра пату ақәырҵеит, Џьон иџьабаа иахаҵнгылеит, ахәшьарагьы арҭеит. Даара иаҳзымхо уаҩуп, наӡаӡа игәалашәара ҳгәаҵаҿы иаанхоит», - иҳәеит иқәгылараҿы ауаажәларратә-политикатә усзуҩы Виачеслав Цугба.

«Насыҧ сыман саргьы Џьон сҩыза еиҳабы, сашьа еиҳабы ҳәа дсыҧхьаӡартә еиҧш. Избан акәзар, акыр шықәса акомҿар еидгылаҿы аус анызуаз, саналагаз Џьон Шьатыгә-иҧа ҳҿар русқәа зегьы дрылагылан, аспорти аҿари, урҭ есымша еидҳәалоуп. Насгьы акомҿар еидгыла Аобком абиуро далан. Уа усқәак аныҟаҵатәыз еиҳабык иаҳасабала ишыҟаҵатәу, аҿар рҟны аус анаҳуаз, агхақәа аныҟаҳҵоз, ҳартәаны ҭынч иҳаҵаиҳәон, шәмыццакын, ас ауп ишыҟаҵатәу ҳәа. Есымша абра ҟаиҵон. Ус иҟоуп аҧсҭазаара, ауаҩытәыҩса аҳәынқарраҿы дыӷәӷәаӡа дангыло, зегьы икәша-мыкәша ирацәаҩны, аҩызцәа, ақәлацәа, дызҭху, дызҭахым, зегьы идеизалоит. Аҵыхәтәантәи 20-30 ш. Џьон Шьатыгә-иҧа атәанчарахьы диасит. Сара ирацәаҩны ачынуаа здыруеит, аҳәынҭқарратә усқәа анынрыжьлак, аҧсҭазаара, Аҧсадгьыл, ирызгәааны рҽанырыҧсахуа. Џьон иуаҩра зегьы, иаҧсуара зегьы ааирҧшызар ҟалап аҳәынҭқарра аусура ашьҭахгьы. Ҷыдала, ажәытә аҧсуара инагӡаны иныҟәигон», - ҳәа азгәеиҭеит иқәгылараҿы ауаажәларратә-политикатә усзуҩы Нугзар Ашәба 

Аспорти аҿари рзы ахеилак ахьӡала Рафаель Амҧар иқәыглараҿы игәалаиршәеит Џьон Гәыбаз амҵәышәымпыл азы Аҧсны еизгоу акоманда дшалаз, Аҟәатәи акомандазы дықәгылон, акоманда акапитанс дыҟан.

«Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаагоит ауаҩ ду Џьон Шьатыгә-иҧа. Данқәыҧшыз иоуз аҧышәа анаҩс иҧсҭазааратә мҩа зегьы аҿы анырра ҟанаҵеит. Иара зегь реиҳа Аҧсны аспорт еиҳабыс аус иуан – 15 шықәса. Иара ихаан иҟаҵаз рацәоуп. Уи аамҭазы ауп Виктор Санеев ақәгылара даналагаз, убас Владимир Маршьан, Рашь Хәытаба, Марлен Папаа, Аирапет Миносиан. Иара аҿар рызҵаарақәеи, абҩарҵәыреи аспорти Аҧсны рыҿиаразы акыр иџьабаа дууп. Ҳара ацәыӡ ду ҳамоуп иахьа, аха иара ҳазниҵаз амҩа, нас уи амҩа иацызҵаз Валери Логәуа Валери Барцыц рыбзоурала, иахьа ҧхьаҟа ацаразы алшара ҳамоуп», - иҳәеит Рафаель Амҧар.

Гәыбазаа рыхьӡала Џьансыхә Гәыбаз инаскьагара иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны анаука зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Едуард Гәыбаз.


Read 138 times - Аҩаша, 06 Нанҳәа 2024 04:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.