АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Нанҳәа.2024

Зураб Қаџьаа аԥхынтәи алагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа дырԥылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаа ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа-аҿар злахәу алагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа дырԥылеит. Аиԥылара  мҩаԥысит аџьынџьуаа Аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аҟны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи аџьынџьуаа Аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлективи.

Зураб  Қаџьаа аҿар бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аԥсны жәлар рзы апроект  «Ахьышьҭрахь» иааннакыло аҵакы шдуу,  уи аиҿкаара аџьынџьуаа Аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ишабзоуроу, насгьы, ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа,  жәаҳәарада, аџьынџьуаа рыбжьара аимадареи урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыл амадареи арӷәӷәоит ҳәа иазгәеиҭеит. 

Аԥсны Анапхгара ахаҭарнакцәа рықәгылараҿы иара убас алагер алаҳәцәа зегьы гәыблыла аԥсшәа раҳәо, иазгәарҭеит, ҳџьынџьуаа рабдуцәа, рабацәа  аамҭаказы изныҵхьаз рыԥсадгьыл аҭаара даара ишыхҭыс дуу, ари акырӡа ишеигәырӷьаз. Иҭабуп ҳәа рарҳәеит алагерь аиҿкаара зыбзоуроу Арепатриациазы аҳәынҭқарратә Еилакы анапхгареи аколлективи, иара убас Гәдоуҭа ақалақь администрациа ахада Валери Аҩӡбеи С. П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра  аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳаи, ахәаанырцәынтәи иааз ҳџьынџьуаа гәаартыла иахьырԥылаз.

Аҿар ракәзар  рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны рыҟазаара шгәахәароу, Аԥсны ауаажәларреи, аԥсабара аԥшӡареи  акыр ишыхнахыз рҳәеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ  Зураб Қаџьаиеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала алагер алахәцәа ҳамҭас ирырҭеит ашәҟәы - афотоальбом «Ахьыԥшымра».

Асабша, нанҳәамза 3 рзы ҳџьынџьуаа Очамчыра ақалақь иаҭаараны иҟоуп. Араҟа дара ирзыԥшуп инарҭбаау агәырҿыхаратә программа. 


Read 66 times - Ашәахьа, 05 Нанҳәа 2024 18:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.