АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Нанҳәа.2024

Аслан Бжьаниа урыстәылатәи адесантуаа аныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 2 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Аҳаир-десанттә ар аԥҵоижьҭеи 94 шықәса аҵра инамаданы Санкт-Петербург имҩаԥысуаз аныҳәатзә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын.  Аусмҩаԥгатәқәа традициала ишаԥу еиԥш ар аинрал Васили Маргелов ихьӡ зху асквер аҟны ихацыркхеит ахәаша, нанҳәамза 2 рзы.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иаҵшьны иҳәеит ари аныҳәа ԥыхьатәи Асоветтә еидгыла ареспубликақәа зегьы рыҟны ишазгәарҭо.

«Аҳаир-десанттә ар ҳзеиԥш тәыла ду арбџьар мчқәа рыҩныҵҟа илыԥшааху архәҭақәа рахь иԥхьаӡан есқьынгьы», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Адесантуааи, аветеранцәеи, ақалақьуааи аԥсшәа реиҳәеит Агубернатор Александр Беглов.

«Ленинградтәи арратә округ – атәыла аҳаир-десанттә аршьаҟа аԥсадгьыл ауп, ароуп раԥхьаӡатәи авиациатә десанттә отриад ахьаԥҵаз», - ҳәа иҳәеит агубернатор.

Аныҳәа иацҵан Петропавловтәи абаа аҩныҵҟа, ара иагьымҩаԥысит аиубилеитә акциа «Агвардееццәа ахәыҷқәа рзы».

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз иара убас Аслан Бжьаниеи хьӡи-ԥшеи змоу Аҳаир десанттә ар 345-тәи аполк аветеран Александр Герашьенкои шьыбжьтәи Петропавловтәи абаа абзарбзан аҟнытә аицҭырҟьа ҟарҵеит.

 


Read 70 times - Ашәахьа, 05 Нанҳәа 2024 18:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.