АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Нанҳәа.2024

Ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымзазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала ареспублика абиуџьеҭ иалагалахеит 747 млн. мааҭ.

Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса, ԥхынгәымзазы атәыла абиуџьеҭ ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 747 млн. мааҭ. Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭан 636,6 млн. мааҭ. Анагӡара  117% рҟынӡа инаӡоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит.

2024 шықәса бжьымз рыҩныҵҟа атәыла абиуџьеҭ ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 2 934,3 млн. мааҭ, убри аан планла иазԥхьагәаҭан 2 531,2 млн. мааҭ. Убас ала, анагӡара 116% рҟынӡа инаӡеит. 

Ҳазҭоу 2024 шықәса бжьыз рыҩныҵҟа араионқәа рыла ашәахә лагалақәа раҳасабала ареспублика абиуџьеҭ ахь ааимҭаҵәа абасала ишьақәгылеит:

Аҟәа – аплан иарбаз - 1 343,6 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит – 1470,3 млн. мааҭ, мамзаргьы  - 109%.

Гагра араион ала – аплан иарбаз 655,7 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит – 777,1 млн. мааҭ, мамзаргьы  - 119%.

Гәдоуҭа араион ала – аплан иарбаз 212,9 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит – 259,3 млн. мааҭ, мамзаргьы - 122%.

Аҟәа араион ала – аплан иарбаз  58,3 млн. мааҭ ала  фактла ааимҭақәа идыртәеит – 110,1 млн. мааҭ, мамзаргьы  - 189%.

Гәылрыԥшь араион ала – аплан иарбаз  – 76,9 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит –93,8 млн.мааҭ, мамзаргьы - 122%.

Очамчыра араион ала – аплан иарбаз  – 132,4 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит - 152,0 млн. мааҭ, мамзаргьы - 115%.

Ҭҟәарчал араион ала – аплан иарбаз – 20,6 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит – 28,1 млн. мааҭ, мамзаргьы - 136%.

Гал араион ала –аплан иарбаз ала –  30,9 млн. мааҭ ала фактла ааимҭақәа идыртәеит – 43,7 млн.мааҭ, мамзаргьы -  141%. 


Read 127 times - Ашәахьа, 05 Нанҳәа 2024 19:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.