Ҳаамҭазтәи аетникатә культура Жәларбжьаратәи афестиваль – ари раԥхьаӡа иргыланы адунеизегьтәи атрадициақәеи иҿыцӡоу арҿиаратә ӡбамҭақәеи реишьашәалара ауп. Афестиваль алахәылацәаны иҟалоит Урыстәыла 30 региони иара убас Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызареи Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәеи рҟынтәи 500-ҩык инареиҳаны артистцәа.
Есышықәса иарбоу апрограмма ала Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра Аԥсны аҿар ари апрограмма еиуеиԥшым аблокқәа рҿы ақәгыларазы рдәықәҵара еиҿнакаауеит.
Афестиваль аиҿкаара ахахьы иагеит – Автономтә Икоммерциам Аиҿкаара «Акреативтә индустриақәа Рцентр «Ақалақь Ҿыц» (АНО «Центр креативных индустрий «Новый город»).