АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Нанҳәа.2024

397-ҩык абитуриентцәа аҳәынҭқарратә ҿаҵа ала ААУ ирыдыркылоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Сынтәа ареспубликатә биуџьет ахарџь ала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет  аҿы аҵара азы актәи акурс  ахь иалкаахеит 397 абиуџьеттә ҭыԥ, урҭ рахьынтә 23 — амагистратура апрограммақәа рыла.

Абакалавриат аҽазыҟаҵара ахырхарҭақәа рыла ихадоу адкылара аҳәаақәа ирҭагӡаны абиутуриентцәа рҟынтәи иалаҵан 676 арзаҳал. Урҭ рахьынтә 102 — ашколхәыҷқәа ролимпиада  «Аҳаракырақәа рахь амҩа» аихшьаалақәа рыла адкыларазы абжьгара заузи иназыцҵоу адкылара аҳәаақәа ирҭагӡаны 37 рзаҳал алаҵази.  

Аҩбатәи иреиҳаӡоу аҵарадырра апрограммақәа рыла арзаҳалқәа аларҵеит 11-ҩык, амагистратура ахырхарҭақәа рыла – 12-ҩык.

Сынтәа еиҳа аконкурс ду ҟалеит «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи», «Амедицинатә биохимиа», «Атуризм», «Афымцамчи афымцатехникеи», «Аграномиа», «Асубтропикатәи ачысгьаматәи аалыҵқәа ртехнологиа», «Амаҵзуратә усура апсихологиа», «Акостиум адизаин», «Аграфикатә дизаин», «Аинтериер адизаин», «Аекономика», «Аҳәаанырцәтәи абызшәақәеи акультурақәеи рырҵара аметодикеи атеориеи (англыз бызшәа)», «Азиндырреи» «Аҭрурыхи» реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рыла .

Аиҳарак абиутурентцәа «Аекономикаеи» «Азиндырреи» ахырхарҭақәа рыла аҽазыҟаҵарахь  иааит.

Ихадоу адкылара ашьҭахь абарҭ ахырхарҭақәа рыла иназыцҵоу адкылара рылаҳәахеит:

«Аматематика»;

«Афизика»;

«Абиологиа»;

«Абнатә нхамҩа» ;

«Афармациа»;

«Аԥсуа бызшәеи алитературеи»;

«Аԥсуа бызшәа иаԥсыуам ашкол аҿы»;

«Аҳәаанырцәтәи абызшәақәеи акультурақәеи рырҵара аметодикеи атеориеи (анемец бызшәа)»;

 «Агронџьнырра»:

Агробизнес аҿы атехникатә системақәа»;

«Аҵиаақәа рыхьчара»;

«Алагарҭатә ҵара»;

«Ашколнӡатәи аҵара».

Сынтәа ААУ аҿы иҿыцу ахырхарҭақәеи азанааҭҵарақәеи аатит –  «Афармациа», «Амаҵзуратә усура апсихологиа», «Амузыкатәи атеатралтәи аҟазара (аопертә шәаҳәара аҟазара)», иара убас «Аинтериер адизаин».

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә Академиеи «Афымцамчи афымцатехникеи» ахырхарҭа ала аҵара аформа ала аспециалистцәа разыҟаҵаразы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, сынтәа раԥхьаӡа акәны абитуриентцәа рыдкылара мҩаԥысит. Иалаҵан 13 рзаҳал. Иарбоу аформат иабзоураны астудентцәа иреиҳаӡоу азанааҭтә ҵара аиураан зныкала ҩ-ҵараиурҭак – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә Академиеи ралгаразы алшара роуеит.

Адкыларатә ԥышәарақәа аетапқәа ҩба рылҵшәақәеи аҩбатәи иреиҳау аҵарадырра аиуразы иалаҵаз арзаҳалқәеи, иара убас амагистратура апрограммақәа рыла аҵаразы иалаҵаз  азыҳәамҭақәа  рхыԥхьаӡареи заанаҵтәи реихшьаалақәа рыла, иахьазы  700 - ҩык инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ахь ирыдыркылараны иҟоуп.

Аҩбатәи иреиҳау аҵарадырра аиуреи амагистратура апрограммақәа рыла аҵареи рзы аусшәҟәқәа рыдкылара иацҵоуп.

Абри азы адырра ҟанаҵоит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.

 

 

 

 

 


Read 79 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.