АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Нанҳәа.2024

Амилициа аусзуҩцәа анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи иадҳәалоу ахҭысқәа ԥшьба аадырԥшит.

Аҟәа. Нанҳәамза  5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа актәи аҟәша аусзуҩцәа ирыҵанакуа аҵакыраҿы аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа рыдгалареи рыҵәахреи иадҳәалоу ҩ-хҭыск аадырԥшит.  

Алаҵааразы ирхиаз анаркотик «метадон»  идырбалеит иагьимырхит аҳҭнықалақь аҿы инхо, 1980 шықәса рзы ииз Аргәын Роланд Иларион-иԥа. Уи Аҟәа ақалақь, Ешба имҩала даанкылан.

Аиԥш-зеиԥшу иџьбароу анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит иагьимырхит 1989 шықәсазы ииз Кәакәақьыр Капитон Рудольф-иԥа. Уи анаркотик зҭаз ашприц инапылеидараҿы илаҳәаны иман.  

Аргәын Роланди Кәакәасқьыр Капитони рганахьала анаҩс аҭира хықәыс иҟамҵаӡакәа изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа раахәареи рыиагареи рыҵәахреи рзы ашьаусқәа хацыркуп. Урҭ ақалақь иалҵны ишымцо ала ашәҟәы рнапы аҵадырҩит.

----

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «б», ахәҭаҷ   223, ахәҭа 3 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа рзы ахара рыдҵоуп Гагра араион Ԥсахара ақыҭан инхо ҩыџьа ахацәа.

Атәылауаа Мумџьиан Вартан Альберт-иԥа, 1997 шықәса рзы ииз,  Каленџьиан Гариф Владимир-иԥа, 1984 шықәса рзы ииз, изакәанымкәа ирыдыргалеит, иҵәахны ирыман, анаҩс Аԥсныҟа ииаргеит зыкапан дууз анаркотикатә маҭәашьари арҩышьыгатә маҭәашьари. Урҭ Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы аҳазалхратә гәаҭара азона ианахыс ашьҭахь иааныркылеит.

Иаанкылаз ахацәа хаҭала ргәаҭараан Каленџьиан Гариф идырбалеит иагьимырхит анаркотикатә маҭәашьар «метадон», егьи ахаҵа Мумџьиан Вартан  еилаҳәагак арҩышьыган маҭәашьар «прегабалин» икәа иҭаршәны иҵәахны иман.

Аусеилыргара мҩаԥнагоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра атранспорт аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа.

Ахара зду ахаҿқәа ырбаандаҩуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

 


Read 65 times - Ашәахьа, 05 Нанҳәа 2024 23:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.