АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Нанҳәа.2024

Ареспублика Аԥсны Ареспублика Никарагуа имҩаԥысуаз аҟазареи акультуреи агастрономиеи рзы Жәларбжьаратәи рфестиваль ахы аланархәит.

Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Америка Агәҭантәи арегион аҿы иреиҳаӡоу Жәларбжьаратәи афестивальқәа иреиуоу «Акультуреи аҟазареи агастрономиеи Жәларбжьаратәи рфестиваль» мҩаԥысит Ареспублика Никарагуа нанҳәамза  3 – 4 рзы.

Ареспублика Аԥсны ахьӡала ари аусмҩаԥгатә ахы аланархәит Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа. Аԥснытәи апавилион, шьҭа традицианы ишышьақәгылахьоу еиԥш, никарагуаа реиԥш,  ари  афестиваль иалахәыз 37 аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәагьы акыр аинтересс рызцәырнагеит.

Асасцәа аҩнытә аџьаӷь уадкеи ашәыр уадкеи, аҩы, аџьыка, ашә, уҳәа амилаҭтә чыс хкқәа ргьама ддырбон. Афестиваль асцена хада аҿы аԥсуа милаҭтә аҳәсеи ахацәеи ркостиумқәа рыла иаатит афестиваль атәыла-алахәылацәа рмилаҭтә костиумқәа рырбара.

Аԥснытәи апавилион иаҭааит Никарагуа Ахада иабжьгаҩ Камила Ортега, Никарагуа акультура аминистр Рамон Родригез, атәыла еиуеиԥшым анапхгаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи Никарагуа акредитациа змоу адипломатцәеи.

Апавилион асасцәа аԥснытәи рколлегацәа афестиваль иахьалахәхаз азы иҭабуп ҳәа рарҳәеит, ҳтәыла акультуреи аҭоурыхи иазҿлымҳан, иара убас Ареспублика Аԥсны аҭааразы агәазыҳәара аадырԥшуан.

Ахәҭакахьала, аԥснытәи адипломатцәа никарагуатәи рколлегацәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит ас еиԥш аҵак ду змоу жәларбжьаратәи афестиваль алахәареи уи аплошьадка аҿы Ареспублика Аԥсны адгаларазы ироуз алшареи рзы.


Read 104 times - Ашәахьа, 05 Нанҳәа 2024 23:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.