АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Нанҳәа.2024

Ашықәс алагара инаркны Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭаахьеит 263 230-ҩык.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 1  инаркны нанҳәамза 1, 2024 шықәса аҟынӡа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭааит  263 230-ҩык.

Иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи иаланагалаз аԥара 172 миллион 809 нызықь 500 мааҭ ыҟоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны атуризм азы Аминистрра апресс-маҵзура.

Иҳаҩсыз 2023 шықәса абри аамҭа иалагӡаны апарк иаҭааит 278 462-ҩык ауаа, урҭ иршәаз иааидкыланы усҟан иартәеит 183 миллион 925 нызықь 400 мааҭ.  

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Г.Смыр ихьӡ зху  Афонҿыцтәи аҳаԥы Акомплекс» ашықәс алагара инаркны нанҳәамза 1 аҟынӡа иаҭааит 188 041-ҩык. Иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи уи иаиуз ахашәалахәы азеиԥш еицҵалыҵ 131 млн. 628 нызықь 700 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Иҳаҩсыз 2023 - тәи ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аҳаԥы иаҭааит  186 053-ҩык, иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи ахашәалахәы азеиԥш еицҵалыҵ  –  130 млн. 237 нызықь 100 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

 

 


Read 54 times - Аҩаша, 06 Нанҳәа 2024 00:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.