АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Нанҳәа.2024

Аԥснытәи адраматә театр Иошкар-Ола имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи амилаҭтә тетарқәа рфестиваль ахь ааԥхьара аиуит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр лаҵарамза, 2025 шықәсазы Ареспублика Мари Ел аҳҭнықалақь Иошкар-Олы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи амилаҭтә тетарқәа рфестиваль ахь ааԥхьара аиуит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит атеатр адиректор Хада Алхас Ҷолокуа.

Аԥшьаша, нанҳәамза 1 азы Аԥснытәи адраматә театр анапхгаҩи Ареспублика Мари Ел Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, акультура, акьыԥхьи амилаҭқәа русқәеи рзы аминистр Константин Иванови реиԥылара мҩаԥысит.

Амилаҭтә театрқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль «Маятул» («Амца») Иошкар-Олы ақалақь аҿы 1992 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Аусҩаԥгатә аԥҵаҩцәас иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрреи Ареспублиа Мари Ел акультура Аминистрреи.

Аԥхьанатә уи афинна-угортә жәларқәа ртеатрқәа рфестиваль акәын. Аха аԥҵаҩцәа рыӡбамҭала, иааиуа ашықәс инаркны афестиваль аҳәаақәа аҽарҭбаауеит, уи амилаҭтә театрқәа Жәларбжьаратә рфестивальны иҟалоит.


Read 48 times - Аҩаша, 06 Нанҳәа 2024 00:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.