АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Нанҳәа.2024

Аинтеллектуалтә хәмаррақәа: ХХІ Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны - Open 2024» аатит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. ХХІ Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны - Open 2024» аатит Аҟәа ақалақь аҿы.

Ахәмаррақәа мҩаԥысуеит А.Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ашахматтә школ аҿы. Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба  еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәаны атурнир алагара рыдиныҳәалеит.  Уи иазгәеиҭеит есышықәса ари аусмҩаԥгатә рхы шаладырхәуа Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 150-ҩык инадыркны  350-ҩык аспортсменцәа.

«Атурнир «Аԥсны- Open» абар шьҭа 22 шықәса инеиԥынкыланы  имҩаԥысуеит. Сынтәа уи рхы аладырхәуеит 150-ҩык аспортсменцәа. Шьыжьы инарнкы ихәмархьеит   9 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа,  уажәы еицлабуеит 13 шықәса иреиҳабым аспортсмен ҿарацәа, ахәылбыҽхазы аиҳабацәа реиндаҭлара ҟалоит», - ҳәа иҳәеит Константин Ҭыжәба. 

Иара арҭ ахәмаррақәа Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа: Сибра, Урал, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа, Кранодартәи атәылаҿацә, уҳәа рҟынтәи ахәыҷқәеи аиҳабацәеи рхы аладырхәуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳҿар еибадыруеит, аиҩызара рыбжьалоит, аринахысгьы реиҩызара иацырҵоит. Ҳара ҳтурнирқәа рҿы еснагь аиҩызаратә атмосфера шьақәгыланы иҟоуп. Ҳара Урыстәылантәи иаҳзаауеит иӷәӷәоу ахәмарҩцәа, урҭ рԥышәа рымаҳдоит», – ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Константин Ҭыжәба иара убас анҭыҵтәи аусмҩаԥгатәқәа дрылацәажәеит.

«Ҳара ҳхәыҷқәа Казань имҩаԥысуаз ахәмаррақәа рхы аладырхәит. Хара имгакәа Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхьынвал имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи атурнир ду ҳхы алаҳархәраны ҳаҟоуп. Ҳара, жәаҳәарада, ҳаԥсуа бираҟ ҳаманы урҭ аицлабрақәа рахь ҳцоит», ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент.

Константин Ҭыжәба игәалаиршәеит атурнир зегьы реиҳа алахәылацәа аныҟаз 2007 шықәсазы шакәыз – 320-ҩык ашахматистцәа. Еиҳа имаҷны ахәмарыҩцәа алахәхо иалагеит, иара игәаанагарала, Урыстәыла хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым атурнирқәа ахьымҩаԥгахо иахҟьаны.

Аԥсны аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиагьы убасҵәҟьа атурнир алахәылацәа дрыдныҳәалеит.

«Ари аусмҩаԥгатә аинтеллектуалтә еиндаҭларақәа рыбзиабаҩ ҿарацәа еиднакылоит. Сара раԥхьаӡа иргыланы ишәзеиӷьасшьар сҭахуп ачҳареи аихьӡара дуқәеи, ари ашахматтә ӷәы аҿы аилибакаареи аҳаҭыреиқәҵареи ииашаны ламысла ахәмарреи аҳра ауа иҟалааит. Ашахматқәа — ари баша аспорттә еицлабрақәа ракәӡам, ари анаука ауп, ари алогика, астратегиатә хәыцра, ахатәлеишәа  зырҿио ҟазароуп. Даара угәы иаамыхәар залшом шәара аиӷьхареи аҿиареи ахшәылшо зеиӷьаҟам  аҭагылазаашьақәа ахьышәзаԥҵо аҭыԥ ахьыҟоу», – ҳәа илҳәеит лара.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба атурнир иахьатәи амш азы ибеиоу аҭоурых ду аиухьеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Абар шьҭа 22 шықәса инеиԥынкыланы ҳара иреиӷьу ҳхәыҷқәа реизгара азы алшара ҳамоуп. Уи ҳара зегьы ҳзы акырӡа аанагоит. Ааигәа ашахматқәа рзы ҳмилаҭтә еизгоу акоманда Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы иреиӷьу ашахматистцәа рыцлабразы алшара аман. Жәаҳәарада уи ҳара аҿиареи ԥхьаҟа ацареи рзы алшара ҳнаҭоит», - ҳәа иҳәеит  Ҭарашь Ҳагба.

Иара Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент иҭабуп ҳәа еиҳәеит иааиԥмырҟьаӡакәа ихы-иԥсы ақәҵаны инаигӡо хра злоу аусура азы.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иаарту атурнирқәа  «Аԥсны-2024» мҩаԥысуеит: атурнир МД9 (2015 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбууи аспортсменцәа рыбжьара), атурнир МД13 (2011 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбууи аспортсменцәа рыбжьара), атурнир А (ихадоу).

Акатегориақәа зегьы рҿы ихәмаруеит 7-7 тур, ахылаԥшра  30 мин. + 5 сек. зцу, ихадоу аҿы - 60 мин. + 5 сек. ахылаԥшра зцу.

Афестиваль нанҳәамза 8 аҟынӡа имҩаԥыслоит.

 

 

 

 

 


Read 51 times - Аҩаша, 06 Нанҳәа 2024 01:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.