АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Нанҳәа.2024

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ шьамтәыла-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа 80-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз асеминар ихы алаирхәит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла аҳәаанырцәтәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы Аминистрра Адипломатиатә Институт адиректор, адоктор  Имад Мустафа иааԥхьарала, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ, аконсул Гаис Аль-Харкии шьамтәыла-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа  80-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз асеминар рхы аладырхәит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, асеминар амҩаԥгараан азинеиҟарара, аҳаҭыреиқәҵара, ихадоу азҵаарақәа рганахьала агәаанагарақәа ракзаара рыла ишьаҭарку  шьамтәыла-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара аҭоурых иалацәажәеит.

Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али аԥсны-шьамтәылатәии аԥсны–урыстәылатәии аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа  рыҿиара аҩаӡара шыҳараку азгәеиҭеит. Убри аан уи Аҟәа Дамаски Москвеи астратегиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ишазхиоу азгәеиҭеит.

Муҳаммад Али Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа, хаҭала уи аректор Алеқсандр Иаковленкои аҵараиурҭа апрофесор-рҵаҩратә еилазаареи Ареспублика Аԥсны азы апрофессионалтә дипломаттә кадрқәа разыҟаҵаразы иҟарҵо адгылара азы иҭабуп   ҳәа иҳәеит.

Асеминар рхы аладырхәит  Шьамтәыла аинформациа аминистр Бутрос Халлиак, Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуааи русқәеи рзы аминистр ицхырааҩцәа Аиман Раади Хабиб Аббаси, Дамаск акредитациа змоу аҳәаанырцәтәи адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәеи.

Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуааи русқәеи рзы Аминистрра Адипломатиатә Институт ала. 


Read 47 times - Аҩаша, 06 Нанҳәа 2024 01:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.