pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи рраунд мҩаԥысит 2024 шықәса, рашәара 25-26 рзы. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа, ЕАР, ОБСЕ, ЕХ рыцхантәаҩрала.

Аԥснытәи аган ахь ала аиԥылара иалахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Бигәаа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа, Аԥсны АдәАР ахаҭарнакцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи рраунд аҿы ҩ-гәыԥкны аилацәажәарақәа мҩаԥысуан — ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа рзы.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа реилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, рашәарамза 27 рзы. Уи аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьарала иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақтә Еизара апресс-маҵзура.

Аизара ахантәаҩы Дмитри Осиеи уи ихантәаҩы Иракли Харчлааи ааигәа иазгәарҭараны иҟоу ақалақь Амш аламҭалазы шықәсырацәа инеиԥынкыланы иаадыԥшыз азанааҭдырреи ламысцқьала рзанааҭтә уалԥшьақәа рынагӡареи рзы хәҩык ақалақь Ахадара аусзуҩцәа, аҳҭнықалақь Ахадара адкыларҭа амаӡаныҟәгаҩ Ольга Кич, амуниципалтә Усбарҭа «Атехникатә инвентаризациа абиуро» атехник-аҭаҩҩы, уаанӡа акыр шықәса уи анапхгара азҭоз Лев Малыиа,  азеиԥш ҟәша анапхгаҩы Мирана Ашәба, Анхара-коммуналтә Нхамҩа  Адепартамент аспециалист Хада Мимоза Габниа, амуниципалтә Усбарҭа «Атехникатә инвентаризациа абиуро» атехник- аинвентаризациа амҩаԥгаҩ Ирина Шьакаиа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаршьеит.

Аџьшьара зауз зегьы рыхьӡала Лев Малыиа Ақалақьтә Еизара адепутатцәа иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит: «Шәара аферымкәа, аҿыц лагалақәа ирызхиоу шәоуп, ҳара Шәара ҳшәықәгәыӷуеит, ишәыдышәкыло аӡбамҭақәа ақалақь уи ауааԥсыреи реизҳазыӷьара ишазырхоу агәра ҳгоит. Ҳара ҳганахьала иаашәырԥшыз агәцаракра азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Сара сыхәҭаала гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, шәнапы злаку аус аҿы аманшәалареи аихьӡарақәеи».

Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа  анапгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Ҳагәышь имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.  

Асҭамыр Ҳагәышь иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс фымз рыҩныҵҟа Аҟәа ақалақь аҿы 76 цәгьоура ҟаҵан, урҭ рахьынтә 34 – ихьанҭоу ацәгьоурақәа. Иаартуп 70  цәгьоура, урҭ рахьынтә 29 – ихьанҭоу ацәгьоурақәа роуп.  

2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы 103 цәгьоура ҟалеит, иаартуп – 97. Урҭ рахьынтә ихьанҭоу ацәгьоурақәа – 47,  иаартуп – 43.

Фымз рыла иаарԥшын 6 566 амҩатә ԥҟарақәа реилагара, урҭ рахьынтә 349 –  ижәны амашьына аԥсҟы акра иадҳәалоу азинеилагарақәа. 270-ҩык амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымхын.  

Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо  иҟаиҵаз аҳасабырба ианазыӡырҩ ашьҭахь,  Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, адепутатцәа  Саид Ашәбеи Варлам Џьапуеи Асҭамыр Ҳагәышь имаҵуратә уалԥшьақәа ибзианы инаигӡоит, аобиективреи иаҭахханы иҟалар агәаӷьреи ааирԥшуеит ҳәа иазгәарҭеит.  

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Google  адырра  аланарҵәеит Translate афункциақәа рырҭбаара азы. Шьҭарнахыс уи иацлоит аԥсуа, авартәи, чечентәи, ауаԥстәи абызшәақәа уахь иналаҵаны  иҿыцу 110 бызшәа.  Аамҭа кьаҿ иалагӡаны арҭ абызшәа ҿыцқәа translate.google.com аҿы, иара убас Google Translate ацҵақәа рыҿгьы  иҟалоит. Уи жәаҳәарада, асервис аҭоурых аҿы шьаҿа дуны иҟалоит.

Ари иҿыцу алагала адунеи зегьы аҿы хыԥхьаӡара рацәала ауаа реимадара аҿы иҟоу абызшәатә ԥынгылақәа риааиреи аиҭагара аинструментқәа рҟынӡа анаӡара алыршареи рзы Google аҽазышәарақәа иреиуоуп. 2022 шықәсазы Google  иацнаҵеит 24 иҿыцу абызшәақәа. Убри аан ахархәара аиуит Zero-Shot Machine Translation Иара убас аилазаара адунеи аҿы зегьы реиҳа аларҵәара змоу абызшәақәа адгылара рыҭара иазырхоу, «1000 бызшәа» ҳәа хыс измоу аԥшьгара аланагалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы.  Аҳҭнықалақь ауааԥсыра, еиуеиԥшым аусбарҭақәеи анаплакқәеи русзуҩцәа  ақалақь амҩадуқәеи апаркқәеи  анаплакқәа ирыҵанакуа аҵакырақәеи рҿы еилдыргон. Акциа шымҩаԥысуа атәы Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо  еиҭарҳәеит Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 адиректор Аида Кәарҷелиа, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата анапхгаҩы Ҭамила Мерцхәлаа, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Адепартамент  адиректор Ельза Ҳагба.

Аида Кәарҷелиа лажәақәа рыла, 10-тәи ашкол иааиԥмырҟьаӡакәа ақалақьзегьтәи акциақәа ирылахуп, уи анаҩсгьы шықәсык рахь  2–3-нтә аилыргаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит. Уажәгьы ашкол аусзуҩцәа рколлектив ашкол ааигәа-сигәа идрыцқьеит, еилдыргеит.

«Аҳҭнықалақь аҿы инхо зегьы рыҩны, русбарҭақәа акәша-мыкәша еилдыргало, аҭеиҭыԥш иахылаԥшуа иалагар, усҟан ҳақалақь даараӡа иԥшӡахоит, зегьы реиҳа ицқьоу ақалақь ҳәа ԥыхьа иамаз ахьӡ-аԥша азыхынҳәуеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата анапхгаҩы Ҭамила Мерцхәлаа Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аусзуҩцәа гәахәарыла ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа ахь ицәырҵит ҳәа иазгәалҭеит.

«Ҳара Ахақәиҭра Ашҭа аԥхьа иҟоу апарк аҿы иҟоу агәам-сам зегьы ақәгара ҳҽазаҳшәоит», – ҳәа еиҭалҳәеит Ҭамила Мерцхәлаа. Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ари апарк ахылаԥшра ахахьы иагеит.

«Даара иаҳҭахуп ақалақь аҿы иҟоу аиҿкаарақәагьы ари аҿырԥштәы иқәныҟәарц, доусу рхылаԥшра аҵаҟа иҟоу аҵакырақәа рахь аилыргаразы ицәырҵыц, – ҳәа лажәа иацҵо иазгәалҭеит лара. – Ари даара акыр аҵанакуеит, избан акәзар, уажәы акурорттә аамҭахәҭа иашыкьаҳәымҭоуп, Аҟәа ақалақь акәзар, иҟан аамҭа уи зегьы реиҳа ицқьоу ақалақь ҳәа ахьӡ анахҵаз. Араҟа  акырӡа аҵанакуеит ақалақь ауааԥсыра, атәылауаа рыхдырра. Убри аҟнытә дарбанызаалак апаркқәеи аскверқәеи  рыдагьы рыҩнқәа рааигәа-сигәа аҵакырақәа ррыцқьареи рҭеиҭыԥш ахылаԥшреи рзы руалԥшьа анагӡара рыхәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит».

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы сынтәа медалла ашкол иалгаз аушьҭымҭацәа амедалқәеи  аҳамҭақәеи ранашьара иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.

Ашкол аушьҭымҭацәа ирыдныҳәаларц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиеи.  

Аныҳәатә церемониа алагамҭаз игеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә гимн.  Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.

«Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацəа! Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амшныҳәа. Уи аԥсҭазаара ҿыц, аԥсҭазаара ду иалагамҭаны иҟалоит.

Иахьа шәара акрызҵазкуа даҽа шьаҿа ӷәӷәак ҟашәҵоит, аҭакԥхықәра зцу аԥсҭазааратә амҩа ду шәанылоит. Шәара шәҿаԥхьа алшара дуқәа аатуеит. Шəаԥхьаҟа ишьҭоуп шəҵара-дырра аизырҳара, еиуеиԥшым азанааҭқəа рыла шәышьақəгылара иазку аусқəа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара. Сгәы иаанагоит шәеиҳараҩык шәыԥсҭазаара здышәҳәаларц шәҭаху азанааҭқәа алышәххьеит ҳәа. Агәра ганы сыҟоуп қәҿиарала ари амҩа шәшаныло», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҟны ишаҭаху иахьатәи аамҭа иақәшәо адырра ҿыцқәа, азыҟаҵара бзиа змоу аспециалистцәа.

«Аԥснытәи аушьҭымҭацәа аихьӡара бзиақәа рыманы аҳәаанырцәтәи аҵараиурҭақәа ирылгоит, Аԥсныҟа ихынҳәуеит азыҟаҵара бзиа змоу специалистцәаны. Ижәдыруазарц сҭахуп шәара ишшәыдҳәалоу ҳаԥсадгьыл аԥхьаҟатәи аԥеиԥш, агәыӷрақәа. Шәара шәдыррақәа, шәбаҩхатәра, шәылшарақәа ҳҳәынҭқарра аҿиара ҵәатәы шьаҟаны иаҵагылар алшоит», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Уи ҷыдала иазгәеиҭеит амедалистцәа.  

«Аҩызцәа, даҽазныкгьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ашкол аҿы шәҵара ахыркәшара. Ара иҟоуп ахьи араӡны медалқәеи рыла иалгаз, қәҿиарала зҵара хзыркәшаз. Ҳәарада, ари ус дууп. Шәара – ҳара ҳгәадуреи ҳгәыӷрақәеи здаҳәалоу абаиԥароуп.  Шәара иаашәырԥшыз ахақәкра, аҵара агәадкылара, адырра ҿыцқәа раиура азыҳаҵҳаҵра ала шәеиҵбацәа хра злоу аҿырԥшы рышәҭоит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаратә ҟәша Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ Усов Денис Сергеи-иԥа ихьырхәра аҳасабала аҭакра изалхра азы иҟанаҵаз азыҳәаҭа иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь аӡбарҭа апресс-маҵзура.  

Заанаҵтәи аусеилыргарала ишышьақәыргылаз ала, хәажәкырамза, 2024 шықәса рзы  Санкт-Петербург ақалақь аҿы Денис Усов «Леша», «Козлов Андреи» ҳәа апсевдоним змоу зхаҭара шьақәыргылам ахаҿқәа злахәыз агәыԥ еиҿикааит. Уи доусы рхыдҵақәа рынагӡара азгәаҭаны,  аибабарада, зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раагареи рыҭиреи хықәкыс иаман.  

2024 шықәса, хәажәкырамза  анҵәамҭазы Денис Усов Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуаз «Леша» ҳәа апсевдоним змаз зхаҭара шьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны аелектронтә плошьадка «Кракен» ала изакәанымкәа иааихәеит ҷыдала зыкапан дуу  анаркотикатә маҭәашьар «мефедрон». Иабоу анаркотиатә маҭәашьар азеԥш капан 8 кьылаки 785,428 грамми иреиҵаӡамызт.

2024 шықәса, лаҵарамзазы еиҿкааз агәыԥ алахәыла – «Козлов Андреи» ҳәа апсевдоним змаз зхаҭара шьақәыргылам ахаҿы Денис Усов идҵа ала иарбоу анаркотикатә маҭәашьар  изакәанымкәа Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» ала Аҳәынҭқарратә ҳәаа иахыганы Ареспублика Аԥсныҟа иааигеит. Уи анаҩс анаркотикатә маҭәашьарқәа Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭа иахьаҵанакуа «имаӡоу аҵәахырҭаҿы» ишьҭеиҵеит. Уи ашьҭахь дара Краснодар ақалақь, Ахәаахәҭратә Центр «Оз Молл» аҿы еиԥыланы Аԥсны иҟаҵаз «имаӡоу аҵәахырҭа» акооринатқәа еимырдеит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рҿы аиааирақәеи аԥхьахәқәеи згаз аспортсменцәа рыдкылара иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы.

Аспортсменцәа ирыдныҳәаларц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургаин, атәыла Анапхгара алахәылацәа, адепутатцәа, апортсменцәа разыҟаҵаҩцәа.

Аусмҩаԥгатә алагаанӡа игеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә гимн.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа ирылахәыз аԥсуа спортсменцәа дрыдныҳәалеит.

«Ахада иқәгылараҿы иҳәеит: 

 

"Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аԥсуа спорт аҭоурых аҟны иҟалаз ахҭыс ду   - ҳмилаҭтә еизгоу акоманда Ҟазан имҩаԥысуаз Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәра. Раԥхьаӡакәны Аԥсны Аҳәынҭқарра аспортсменцәа рбираҟ иаҵагыланы жәларбжьаратәи аҵакы змоу аицлабрақәа рылахәразы аҭагылазаашьа роуит. Ари алыршахеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациеи Анапхгареи ирыбзоураны.

Аԥсны акоманда Ҟазан иқәгылеит иаԥсаны, шьҭахьҟа ахьамҵра, агәаӷьра, аиааиразы ахамеигӡареиԥш иҟоу ҳажәлар иреиӷьу рҟазшьа аҷыдарақәа аарԥшны. Ари раԥхьаӡакәны абас еиԥш аҩаӡара змоу ахәмаррақәа ирылахәхаз ҳкоманда 91 тәыла рыбжьара 13-тәи аҭыԥ аанкылареи, 7 медалк риуреи, ахьтәы, араӡны медали, аџьазтә медалқәа 5 - еи риураҟны ирыцхрааит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.   

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аконституциатә Ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиеи Аконституциатә Ӡбарҭа аӡбаҩ Алиса Бигәааи ХII Петербургтәи жәларбжьаратәи азиндырратә форум аусура рхы аладырхәуеит.

Афорум атема хада – «Аглобалтә еибакапанра – азин ашьаҭа аҳасабалеи азинеиҟарара ашьаҭала ишьақәгылоу адунеи аҿы  аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицуреи».  

Петербургтәи жәларбжьаратәи азиндырратә форум – азиндырратә, аусдкыларатә, аполитикатә, азинхьчаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа рыбжьара атәылауаа ринтересқәа рыхьчаразы азин, азинрхчаратә ԥышәеи аусуреи реиӷьтәра, азинтә культура аҿиареи ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы асоциал-економикатә усхкы аҭышәынтәалареи ралыршара, уҳәа азҵаарақәа рылацәажәара хықәыс иҟаҵаны адиалог амҩаԥгаразы иреиҳау плошьадканы иҟоуп.

Афорум аусутә программа иалагалоуп 120 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа – аконференциақәа, астол гьежьқәа, аусуратә сессиақәа.  

Аԥсны Аконституциатә Ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа азинқәа рыхьчареи аконституциатә хылаԥшреи  ирызкны имҩаԥгаз аконференциа аҿы «Аконституциатә хылаԥшра – Ареспублика Аԥсны аҳәнҭқарратә шьақәгылара аҿиара азы ихадоу факторны иҟоуп» ҳәа атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц XII Петербургтәи жәларбжьаратәи азиндырратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиустициа аминистрцәа  иаарту реилатәара ихы алаирхәит.

Урыстәылатәи Афедерациа аиустициа аминистр Контантин Чуиченко ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аилатәара рхы аладырхәит адунеи  20 тәыла рҟынтәи аиустициа аминистрцәа.

Аусмҩаԥгатә иаарту аилатәара аформат ала имҩаԥысит. Араҟа аминистрцәа азакәанԥҵара асистематизациеи аиӷьтәреи, аиашаӡбара алыршара, аимак-аиҿакқәа рҭышәынтәалара амеханизқәа рыҿиара, азиндырра  ацифратә формат ахь аиагара, даҽакала иуҳәозар аԥхьаӡацыркра, ашьаус-нагӡаратә система арҿиара,  зус ӡбоу рсоциалтә адаптациеи дара рзы иҿыцу аҭагылазаашьақәа ранраалареи, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы инарҭбааны ирылацәажәеит.

Ареспублика Аԥсны Аконституциа иарбоу ифундаменталу азинқәа дырзааҭгыло, Анри Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит: «30 шықәса раԥхьа ҳаамҭазтәи аԥсныти Аконституциа аԥҵаҩцәа-ашьаҭаркыҩцәа даара имариамыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭазтәи аҭагылазаашьақәа раан ихадоу анорматә усшәҟәы еиқәдыршәеит, уи иахьа уажәраанӡагьы актуалра шамац иаанхоит.

Аԥсны ажәлар насыԥ рыман ари акыр зҵазкуаз аиҭашәаратә аҭоурыхтә аамҭа азы амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара ахадараҿы амилаҭтә ԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба аԥхьа днаргыланы, аԥышәа ду змаз, ахара ихәыцуаз аҳәынҭқарратә усзуҩцәа ахьыҟаз».

Рашәарамза 27 рзы иара убас имҩаԥысит афорум апленартә еилатәарагьы. Уи, шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза    27, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа апункт «Алашарбага» аусҭҵааразы азинмчы змоу амилициа алеитенант Манча Иасон-иԥа Кьихьба иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Заканеидкыла ахәҭаҷ 288, ахәҭа З, апункт «а» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҟазшьақәа рыла аусеилыргара хацнаркит.    

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.