
pressadmin-2
Ԥхынгәымза 15 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаатуеит XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит».
Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит» ԥхынгәы 15 инаркны нанҳәа 20 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоуп.
Афестиваль ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала дааԥхьахоит Маритәи атеатр адиректор, Атеатр ду адиректор хада, адирижиор, Урыстәыла Жәлар рартист Валери Гергиев. Ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Атеатр ашҭаҿы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгахо актәи аконцерт аҿы иқәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, атеатр асимфониатә оркестри, асолистцәеи.
Аҽа ф-концертки аҟазаратә-классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.
Ԥхынгәымза 20 рзы афестиваль амҩаԥгара ацҵахоит X ашәышықәса иаҵанакуа Ажәытәӡатәи Пицундатәи ауахәама аҿы. Араҟа иқәгылоит аҟыбаҩ злоу Хьыбла Герзмаа лҵаҩцәа, П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Консерваториа астудентцәаеи аушьҭымҭацәеи Вероника Хорошева, Вероника Андреиченко, Мариа Лупариова, Валентина Химич, Лада Меркулиева, иара убас ахкытә шәаҳәара акафедра адоцент Хьыбла Герзмаа лхаҭагьы. Афортепиано апартиа налыгӡоит аконсерваториа адоцент Екатерина Ганелина — акыр шықәса инеиԥыныланы Хьыбла Герзмма лконцертмеистрс иҟоу.
Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы еиҿкааз аныҳәатә концерт «Сара сықалақь Аҟәа», иара убас асалиути рыла ихыркәшахеит ақалақь Амш азгәаҭара.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Амшныҳәа иазку аныҳәатә концерт «Сара сықалақь Аҟәа» мҩаԥысит асабша, ԥхынгәымза 6 рзы аҳҭнықалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы.
Аԥсны арҿиаратә коллективқәа ақәгылара иалагаанӡа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра аныҳәа рыдиныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Аҟәа бзиа избо зегьы рзы иҷыдоу аныҳәамш. Ари аныҳәамш азы сара Аҟәа иқәынхо зегьы агәабзиара, аизҳазыӷьара, аманшәалара рзеиӷьасшьар сҭахуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Адныҳәалара ҟаҵо дықәгылеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешбагьы.
Ашәа аԥҵаҩцәа-анагӡаҩцәа XI Жәларбжьаратәи рфестиваль «Ашәа узысҳәоит, Аԥсны!» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәыза 10, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы ашәа аԥҵаҩцәа-анагӡаҩцәа (абардқәа) XI Жәларбжьаратәи рфестиваль «Ашәа узысҳәоит, Аԥсынтәыла!» мҩаԥысраны иҟоуп.
Афестиваль 2010 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Уи автортә ашәа – ахаԥшьгаратә сахьаркыратә рҿиара ажанрқәа иреиуоу апопулиаризациа хықәы хадас иамоуп. Уи хыдҵас иқәнаргылоит амилаҭтә сахьаркыратә традициақәа реиқәырхара, рырҿиара, ашьҭрамадара, иуникалу абардтә ашәа аҭынха апопулиаризациа.
Афестиваль алахәылацәа алшара роуеит доусы реихьӡарақәа ахәаԥшцәа дырбара, арҿиаратә лшарақәа реидкылара, уи, жәаҳәарада, еиуеиԥшым ажәларқәа реизааигәахара, реилибааара алнаршоит. Афестиваль аҟыбаҩ злоу ауаа ҿыцқәа ралкаара, ахаԥшьгара злоу авторцәа-анагӡаҩцәа адгылара рыҭара, зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку аԥҵамҭақәа раарԥшра иазырхоуп.
Алада Ешыра ақыҭан Лакоба амҩаду акаҭран ақәҵара иалагеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Алада Ешыра ақыҭан Лакоба амҩаду акаҭран ақәҵара иалагеит. Аусурақәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала имҩаԥысуеит.
2024 шықәса актәи азыбжа аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз Аҟәа араион актив аилатәара аҿы Ешыра ақыҭа (Шыцкәара) анхацәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби рышҟа Лакоба имҩа аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара азы аҳәара ҟарҵеит. Ақыҭауаа агәра ддыргеит ари азҵаара хымԥада ишыӡбахо азы. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы аԥаратә хархәагақәа азужьхеит Аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонд аҟынтәи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа араион Ахадара апресс-маҵзура.
Амҩа аура 2,5 километра иҟоуп, аҭбаара 4,5 - 5 метра.
«Аиҭашьақәыргылараз азыҟаҵаратә усурақәа ирылагахьан мчыбжьык аԥхьа. Раԥхьа ишьҭарҵеит аӡымҩангагатә шәырақәа, анаҩс абӷанҷ ақәрыԥсеит. Уажәы Лакоба имҩаду аҟны акаҭран ақәҵра иаҿуп», — ҳәа адырра ҟаиҵеит апрораб Баҭал Аргәын.
Аҟәеи Донецки ақалақьқәа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Амшныҳәа азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь, Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы «Аҟәа ақалақьи (Ареспублика Аԥсны) Донецктәи Жәлартә Республика амуниципалтә еиҿкаара ақалақьтә округ Донецки (Урыстәылатәи Афедерациа) аиашьаратә еизыҟазаашьақәеи аусеицуеи рыбжьаҵара азы» Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа мҩаԥысит.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра иадҳәалаз ацеремониа ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа иалагаанӡа игеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ргимнқәа.
Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Донецк ақалақь ахада Алеқсеи Кулемзини.
Аиқәшаҳаҭра атекст аҿы ишарбоу ала, аганқәа ирыԥхықәроуп:
– Адокумент ишаҳәо ала, аганқәа ажәларқәа рыбжьара аилибакаареи, аиҩызареи, аконструктивтә еицәажәарақәеи рзы аҩқалақьк русеицура аҵак ду шамоу азхарҵоит, ихадоуп ҳәа иагьырԥхьаӡоит;
– Аҩган рпотенциал анагӡара азы аусеицура нарыгӡоит;
– аизыҟазаашьақәа агәреибагара, аусеицура, аицхыраара, агәаартра, гәык ала аҟазаара, аҳалалра апринцип ала ишьаҭаркуп;
– Аҟәеи Донецки ақалақьқәа руааԥсыра ринтересқәа ирықәшәо иаарту адиалог, апартниорра, аҩганк еицырзыфеидоу аимадарақәа рышьықәыргылара, аԥышәеимадареи апроектқәа реицынагӡареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара аҵак ду арҭоит.
Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь Амш иазку аныҳәахь иааз аделегациақәа дырԥылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аҳҭнықалақь 2508 шықәса ахыҵуеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь Амш аныҳәахь ааԥхьара зауз асасцәа дырԥылеит.
Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.
Аныҳәахь иааит Москва, Цхьынвал, Грозныи, Ростов-на-Дону, Краснодар, Донецк, Луганск, Шәача, Уфа, Казан, Санкт-Петербург, Тамбов, Нижни Новгороди Черкесски, уҳәа ақалақьқәа рҟынтәи асасцәа.
Аслан Бжьаниа асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит.
«Бзиала шәаабеит Аԥсныҟа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари аныҳәаш ссир азы ҳгәырӷьара ҳациҩышәшарц шәахьааз азы. Араҟа еизаз зегьы жәаҳәарада ирдыруеит Урыстәылатәи Афедерациеи Урыстәыла афедералтә субиектқәеи ҳареи иҳабжьоу иҷыдоу аизыҟазаашьақәа ртәы. Ҳара ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш Урыстәыла ада ҳхахьы иаҳзаагаӡом, аԥсуаа жәытә-натә аахыс аиашьаратә Урыстәыла иадҳәалан. Урыстәыла аилазаараҿы иҟоуп, инхоит, иҿиоит зегьы раасҭа шьала-дала иаҳзааигәоу ажәларқәа, ҳәара аҭахума, уи ҳатәылақәа еиҳагьы еизааигәанатәуеит. Ҳара аринахысгьы иҳабжьоу аимабзиаратә, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада иахьа ныҳәа дууп Аҟәа азы ҳәа иазгәаҭо, аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешбеи ақалақь ауааԥсыреи дрыдныҳәалеит.
Цхьынвал ақалақь ахада Ромео Хугаев аныҳәахь иоуз ааԥхьаразы иҭабуп ҳәа раҳәо Аҟәа ақалақь ауааԥсыра аныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Сара раԥхьаӡа акәны Аԥсны саҭааит, даараӡа сеигәырӷьоит сҩызцәа, сашьца рыбжьара аҟазаара. Гәык-ԥсыкала аԥсуа жәлар ирзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьареи аманшәалареи ахирреи», – ҳәа иҳәеит иара.
Москва Анапхгара адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа Рдепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Игорь Ткач убасҵәҟьа аҟәаа ақалақь Амшныҳәа рыдиныҳәало иҳәеит: «Ҳара лҵшәабзианы еффективла аусеицуреи хра злоу аимадареи ҳабжьоуп. Ҳаԥхьаҟа иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп даҽа усмҩаԥгатәгьы. Москва Аҩадатәи аокруги Ҭҟәарчали аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара аганахьала ацхырааразы ҳара ҳахь аҳәара ҟаиҵеит Ҭҟәарчал ақалақь ахада. Сара уи хра злоу аимадара акәхоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара аринахысгьы аусеицура ҳабжьазаауеит. Зегьы аизҳазыӷьареи аманшәалареи рзеиӷьасшьоит».
Краснодар ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Максим Онишьенко Аԥсны аҟазаара иара изы гәахәара дууп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сара даара сеигәырӷьоит иахьа абри атәыла ссир аҿы шәныҳәа шәыдныҳәалара азы алшара ахьсоуз. Красодартәи атәылаҿацә – акыр шықәса рыҩныҵҟа Аҟәа ақалақьи, иааизакны ареспублика зегьы адгылара анаҭоит. Еиҳа иуадаҩыз, аибашьра анцоз аамҭа азы ҳара ҳақалақь иалшоз ала адгылара шәынаҭон. Ҳара Аҟәа ақалақь аделегациа ҟәбинатәи ҳадгьыл аҿы абара гәахәара дула ҳазыԥшуп. Сақәгәыӷуеит аринахысгьы зеиӷьаҟам ҳақалақьқәа рыбжьара хра злоу аусеицура шацҵахо», – ҳәа иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҟәаа ақалақь Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы имҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь Амш иазку аныҳәатә концерт.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә концерт далахәын. Аусмҩаԥгатә иара убас иаҭааит Аҟәа Администрациа ахада Ешба Беслан, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра.
Аҳәынҭқарра Ахада еизаз рҿаԥхьа адныҳәалара ҟаҵо дықәгылеит:
«Ҳаҭыр зқәу аҟәаа!
Ҳаҭыр зқәу асасцәа, иахьатәи аныҳәа зхы алазырхәыз зегьы! Аҟәа аԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы зегьы иҳалшо ҟаҳҵар, хымԥада, акырӡа иԥшӡахоит, досу анхара-анҵыразы агәаҳәара шәыманы шәҟалоит!
«Ахьӡ архынҳәра»: илахьынҵахаз еилкаахеит Аԥсны иалҵыз Ар Ҟаԥшь аруаҩ Удмур Цурцумиа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 83 шықәса рышьҭахь еилкаахеит Аԥсны иалҵыз Ар Ҟаԥшь аруаҩ Удмур Царцумиа илахьынҵахаз атәы. Иара диит 1909 шықәсазы Аҟәатәи аокруг (уажәы Очамчыра араион) Кәыдрытәи аучасток Гәыԥ ақыҭан. 1939 шықәсазы уи Ар Ҟаԥшь ахь ааԥхьара иоуит. Ҭагалан, 1941 шықәсазы далахәын Москва ахьчаразы аидыслара. Акыр аамҭа уи ихабар ҳәа акгьы ыҟаӡамызт.
Абарҭ ашықәсқәа зегьы аибашьҩы изы архивқәа зегьы рҿы хабарда дыбжьаӡит ҳәа адыррақәа ыҟан. Аха арра-мемориалтә проект «Ахьӡ архынҳәра» аволонтиорцәа Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра архив Хада аҿы ирыԥшааит адырранҵа. Уи аруаҩ Удмур Цурцумиа Смоленск ақалақь азааигәара ӷәӷәала дхәын, иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәамза 6, 1942 шықәса рзы, анышә дамадоуп Смоленсктәи аобласт аҿы ҳәа иарбан.
Афильм «Fragility»: аԥсҭазаареи акультуреи руашәшәыразаара азхәыцра.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Иреиҳаӡоу аекономика ашкол астуденткацәа Елизавета Ҳашбеи Ева Рафаелиани рдипломтә усумҭа, зметраж кьаҿу fashion-фильм «Fragility» («Ауашәшәыразаара») арбара мҩаԥысит.
Афильм авторцәа аҭоурыхтә, акультуратә, аетнографиатә, акинеотографиатә, алитературатә усумҭақәа рҟынтәи ироуз агәазҭазаарала авизуалтә хархәагақәа рхы иархәаны акультуратә, ауаҩытәыҩсатә, аԥсабаратә ԥсҭазаара ауашәшәыразаареи акульуратә ҭынха ахьчара аҵакдуреи иазхәыцит.
Ашәба Лаша Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 6,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аҟәа ақалақь ауааԥсыра!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа Амш!
Аҟәа – аҿиара, аизҳазыӷьара, ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥеиԥш лаша иасимволуп.