Иаалырҟьаны имҩаԥгаз аилатәараҟны амца арцәара алыршахаанӡа ақыҭа Шьашьикәара иҟоу агәамсамеизакырҭахь аҟьамсар анагара аанкыларазы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Избан акәзар, уаҟа аҟазаара шәарҭоуп дара агәам ықәызго амашьанақәа рныҟәцыҩцәа рзы еиԥш, ааигәа иҟоу ақыҭақәа рҿы инхо ауаа рызгьы.
«Уажәы аҭыԥаҿы аӡбамҭа адкыларазы Галҟа амҩа дықәлеит Аҟәа ақалақь Ахадара ақалақтә нхамҩа Аусбарҭа адиректор Руслан Аҩӡба. Аҟәа ақалақь Ахадара иаман иԥхасҭахаз аекскаватор, убри иахҟьаны агәамсамеизакырҭа аҿы ишахәҭоу ала агәамсам аус адулара мҩаԥысуамызт. Гал араион акәзар, уа ахатәы техника амаӡам. Иахьа излауа ала ирласны иарбоу аескалатор аиҭашьақәыргылара рҽазыршәоит, уи ашьҭахь амца ахьхәыҵҟьо аҭыԥқәа рҿы амцарцәаратә усурақәа мҩаԥгахоит», - ҳәа иҳәеит Константин Ԥлиа.
Контантин Ԥлиа ишазгәеиҭаз ала, Шьашьикәара иҟоу агәамеизакырҭахь есыҽны 1300-1500 кубаметра аҟьамсар ааргоит. Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәа рҟынтәи иаарго агәамсам аиагаразы Кациқыҭ агәамеизакырҭа дыргылеит.
Константин Ԥлиа агәыӷра ааирԥшит хара имгакәа Гәылрыԥшь араион Кыцикыҭ идыргылаз Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа реилакырҭатә дәы ахархәарахь ишрыҭахо, Гал араион ахь агәамсам анагара ишаҟәыҵуа азы.
«Агәамсам Шьашьикәараҟа анагара азы аӡбамҭа анрыдыркылоз уи аамҭалатәи уснагӡоуп, мызқәак роуп изҭагӡахо ҳәа ҳақәдыргәыӷуан, аха ашықәсқәа цеит, апроблема ӡбамкәа иаанханы иҟоу иахьа уажәраанӡа», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Константин Ԥлиа.
Аҟәантәи Гал араион ашҟа агәамсам агара иалагеит мшаԥымза, 2019 шықәса рзы.