Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи» рконцерт мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 18 рзы Х ашәышықәса иаҵанакуа Бедиатәи аныхабааҿы.
Ари аусмҩаԥгатә XXII жәларбжьаратәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аԥшьбатәи аконцерт акәын.
Аконцерт аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын. Аныхабаа аҿаԥхьа иаартын ацәыргақәҵа: уаҟа иҟан Дырмит Гәиеи иҭаацәеи еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз рфотосахьақәа рыхкьыԥхьаа.
Адунеи зегьы аҿы даара бзиа еицырбо Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка есымша азыӡырҩцәа лыршанхоит иуникалу, акы иаламҩашьо лыбжьы хаа ала. Ари ахәылԥаз азы аоператә шәаҳәаҩи адирижиор, Урыстәылатәи Афедерациа Жәлар рартист Лев Конторович напхгара зиҭо Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәеи» Бедиатәи аныхабааҿы аклассикатә музыкатә концерт мҩаԥыргеит.
Амузыкантцәа ахәаԥшцәа ирыздырхиеит даара аинтерес зҵаз апргграмма, уи иалалеит адунеитә класика аҟынтәи аԥҵамҭақәа, аурыс, аԥуа жәлар рашәақәа, иара убас асоветтә омпозиторцәа рашәақәа.
Ахәаԥшцәа еихымсыӷьуаз анапеинҟьарала Хьыбла Герзмаа иналыгӡоз В. Беллини иопера «Норма» аҟынтәи Норма лыкаватина, акатолиатә матанеира «Аве Мариа» еиуеиԥшым авариантқәа хԥа, акомпозиторцәа И.С. Бах– Ш. Гуно, В. Вавилов – Д. Каччини, В. Шуберт рырҿиамҭақәа, акомпозитор Л. Афанасиев, И. Шаферан иажәақәа рыла иҩыз ашәа «Гляжу в озера синие».
Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәа» инарыгӡеит Н. Голованов иашәа «Свете тихий», «Шутка» И. С. Бах- «Laudate dominum», иара убас В.А. Моцарт ирҿиамҭа «Турецкий марш», аурыс жәлар рашәақәа «Тонкая рябина», «На горе то калина».
Ахәаԥшцәа даараӡа ибзианы ирыдыркылеит Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара азҟазацәа» адирижиор Лев Конторович инапхгарала инанагӡаз аԥсуа жәлар рашәақәа «Ахәра ашәеи», «Ахра ашәа».
Ахыркәшамҭаз Хьыбла Герзмаа ахор лыны иналыгӡеит М. Матусовски иажәақәа рыла Соловиев-Седои ииҩыз ашәа «Подмосковные вечера». Ари ашәа ахәаԥшцәа иҟарҵаз аҳәарала «Бедийские вечера» ҳәа асимволиакатә еиҭакра алагаланы аҩынтәраан инагӡахеит. .
Хьыбла Герзмаа есышықәса амузыка абзиабаҩцәа ҳамҭас ирылҭо аныҳәа ибзианы имҩаԥысит.
Аконцерт ахыркәшамҭаз ашәаҳәаҩ дықәгыло агәыӷра аалырԥшит амузыкатә коллективқәа Бедиа ақыҭан рықәгылара ибзиоу традицианы ишыҟало азы, иара аныхабаагьы –ақьырсианра иабаҟаны иҟоу аиҭашьақәыргыларагьы хара имгакәа ишалыршахо.
«Сара изныкымкәа уажәаԥхьагьы еиуеиԥшым амузыкатә коллективқәа рынагӡарала исаҳахьан «Ахәра ашәа», аха сара иахьа исаҳаз, акы еиԥшӡам, уи уамашәа иԥшӡоуп. Иара аконцерт аҿы ишьақәгылаз атмосферагьы џьашьахәын. Иҭабуп ҳәа ласҳәарц сҭахуп Хьыбла ас еиԥш иҟоу амузыкатә ныҳәақәа рзы», - ҳәа илҳәеит ахәаԥшцәа иреиуоу аӡәы.
Ари акультуратә хҭыс иаҭааит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи ауааԥсыра, иара убас атәыла асасцәа.
Бедиатәи аныхабаа ргылан Х-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Баграт III иаамҭазы.