«Аԥсны амчратә усбарҭақәа аус рыцура аиҿкаара аҿы Шәара хаҭала шәлагалеи аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа аус рыцурала Ареспублика Аԥсны аҳәанҭқарратә ҳәаақәа рыхьчаразы набыцра амамкәа инашәыгӡоз шәусуреи ахә ҳаракны иаҳшьоит, иҭабуп ҳәагьы шәаҳҳәоит», – ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.
Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩы ҿыц иахь ихы рханы, аԥыза-министр аԥсуа ган уаанӡа еиԥш уажәгьы урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа иахәҭоу адгылара рыҭара иазыхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара Шәара шәзы есымша ҳаартуп аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчара азы аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иаҳзеиԥшу ахыдҵақәа рынагӡараҿы», – ҳәа иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр. отметил премьер-министр. Прочитано 169 раз. Последнее изменение 20.08.2024.
Алеқсандр Анқәаб, аԥсуа ган есымшеиԥш уажәгьы урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа иахәҭоу адгылара рыҭара иазыхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.