«Адгылара ду ҳамамкәа ас еиԥш афестиваль ду аиҿкаара залыршахомызт. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла Ахада ифонд, Аԥсни Урыстәылеи акультура Аминистррақәа, Аԥсны Анапхгара», – ҳәа илҳәеит лара.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашәахьа, нанҳәамза 19 рзы, Аҟәа ақалақь, атеатралтә ашҭа аҿы имҩаԥысит аџьазтә концерт.
Хыԥхьаӡара рацәала аконцерт ахь иааз ахәаԥшцәа рҟазарала ргәалаҟазаара шьҭырхит Аԥсни Урыстәлеи Жәлар рартистка Хьыбла Герзмааи Урыстәла Жәлар рартист, асаксофонрҳәаҩы Игорь Бутмани Сергеи Макеев напхгара зиҭо аџьаз-бенди.
Ақәгылара иалагаанӡа Хьыбла Герзмаа, мчыбжьқәак рышьҭахь Урыстәыла ақалақьқәа рахь агастрольтә тур ду алагоит, абҵарамзазы афестиваль раԥхьаӡа акәны Китаи имҩаԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит.