pressadmin-2
Аҟәа ақалақь Ахадара аҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа анапынҵақәа рыҭоуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Ахадара адепартаментқәеи аусбарҭақәеи зегьы русура азҵаара хадақәа ирызкын ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иарбоу аҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.
Ақалақь аиқәыршәазааразы акомиссиа аҟәатәи аԥшаҳәа аҿы анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба ихантәаҩрала амшын аԥшаҳәа аҿы имҩаԥысит ақалақь аиқәыршәазааразы акомиссиа анҭыҵтәи аилацәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура. Уи рхы аладырхәит аҳҭнықалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиа, Анхара-коммуналтә Нхамҩа аусзуҩцәа, ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа аусзуҩцәа, аекологиа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы, аботаника Аинститут ахаҭарнакцәа, иара убас апроектҟаҵаҩцәа, Москвантәи иааны иҟоу аландшафтә дизаинерцәа.
Ақьаад цырыцла еиқәыршәоу, зформат нагӡоу ажурнал «Аԥснытәи аԥсшьарамшқәа» («Абхазские каникулы») актәи аномер ҭыҵит.
Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризми аимиџьтә политикеи иазку ақьаад цырыцла еиқәыршәоу, зформат нагӡоу ажурнал «Аԥснытәи аԥсшьарамшқәа» («Абхазские каникулы») актәи аномер ҭыҵит.
Очамчыра ақалақь аҿы Витали Дараселиа имузеи аартра азԥхьагәаҭаны ирымоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Қырҭтәыла амедиаҵакыра аҿы Очамчыра ақалақь, еицырдыруа ашьапылампыласҩы Витали Дараселиа дахьиз, аспорт аҽазыҟаҵара дахьалагаз Очамчыра ақалақь аҿы ихьӡ зху амузеи дырбгеит ҳәа имцырку аинформациа аладырҵәоит.
Убри инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аҟәша аиҳабы Ҭемыр Ԥачлиа:
«Ахаан иҟамыз узырбгаӡом. Дараселиаа рҭаацәара уаанӡа иахьынхоз аҩны, – ари ахатәы нхарҭоуп, уаҟа иҟарҵо зегьы аԥшәма ихатәы ус ауп. Ари аҩны аҿы ахаангьы амузеи ыҟаӡамызт. Ҳаԥхьаҟа еицырдыруаз ҳџьынџьуаҩ ихьӡала амузеи аартра азы агәҭакқәа шҳамоу – уи ииашоуп».
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Адыррақәа рымш азы адныҳәалара ҟалҵеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Адыррақәа рымш азы адныҳәалара ҟалҵеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:
«Цәыббрамза 1 — ари агәыӷреи агәҭак бзиеи зцу ныҳәоуп. Сынтәа раԥхьаӡа акәны ршьаҿа еихыргоит абжьаратә ҵараиурҭақәа рахь 2500-ҩык рҿынӡа ахәыҷқәа. Раԥхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызгаз ахәыҷқәа ишәзеиӷьасшьар сҭахуп ақәҿиара дуқәа, аҵарамш шәҵааит!» — ҳәа илҳәеит Хана Гәынԥҳа.
Бадра Гәынба Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика ажәлар ареспублика ашьақәгылара 35-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика ажәлар ареспублика ашьақәгылара 35-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика иахьа иазгәанаҭоит ареспублика аԥҵара 35-шықәса ахыҵра.
Владимир Делба: «Ашкол аҿы ауп аԥсҭазаараҿы ихадоу аилкаарақәа рышьаҭа ахьакуа, ахәыҷқәа адыррақәа рнаҩс, аҩызцәагьы дырҳауеит, ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара рҽазыҟарҵоит».
Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба аҵарашықәс ҿыц алагара инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу ахәыҷқәа, ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәеи аҭаацәеи!
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аҵаҩцәа, арҵаҩцәеи аҭаацәеи аҵарашықәс ҿыц алагара рыдылныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа аҵаҩцәа, арҵаҩцәеи аҭаацәеи Адыррақәа Рыши аҵарашықәс ҿыц алагареи рыдылныҳәалеит.
«Цәыббрамза 1 – ҳара зегьы ҳзы иҷыдоу мшуп. Ари амш агәыӷрақәеи агәазыҳәарақәеи рыла игәылҭәаауп, аҩызцәа, арҵаҩцәа рԥылара иамшуп, иҿыцу адыррақәеи аихьӡарақәеи рахь амҩа аазыртуа мшуп.
Аԥыза-министр Владимир Делба Адыррақәа Рымш азы Ҭҟәарчал ашколқәа хԥа дырҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Владимир Делба цәыббрамза 1 азы Ҭҟәарчал ақалақь даҭааит. Кь. Чачхалиа ихьӡ зху ашкол №1 аҿы иара аныҳәатә цәаҳәақәгылара ихы алаирхәит, ашкол аҵаҩцәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.
Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа Риҵатәи апарк аҿы иазԥхьагәаҭаз агәаҭара мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭстандартә аусзуҩцәа Аилак ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа инапхгарала Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы иазԥхьагәаҭаз агәаҭара мҩаԥыргеит.
Дара азеиԥш крыфара аобиектқәа – «Сыроварня», «Винный двор», «Хуапская долина» рҿы афатә аҟаҵара апроцесс, атехникатә шәарҭадара, иара убас азинҭаратә усшәҟәқәа рыҟазаара гәарҭеит. Аинспекторцәа убасҵәҟьа ааигәа ахархәарахь ирыҭаз аресторан «Аӡиас» иаҭааит.








