pressadmin-2
Италиантәи иааз жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа адемократиатә ҟазшьа аманы иаартны имҩаԥысуеит ҳәа иазгәарҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Италиантәи иааз жәларбжьаратәи анаԥшыҩ Вито Гриттани Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа адемократиатә ҟазшьа аманы иаартны имҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара иацжәацы, жәабранмза 13 рзы Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәараҳасабала алахәхаразы Аԥсныҟа ҳааит. Ихьа шьыжьы инаркны ҳара ҳарҭаахьеит алхратә ҭыԥқәа ааба. Иазгәасҭарц сҭахуп ҳара иааџьшьаны иазгәаҳҭеит, гәахәарылагьы иҳадаҳкылеит абжьыҭиара алхратә процесс ахаҭа аиҿкаара аҩаӡара ахьынӡаҳараку, иара аартреи адемократиатә ҟазшьеи ахьынӡаныԥшуа. Абри асааҭ азы изеиԥшразаалак ӷәӷәала аилагарақәа ҳәа акгьы аарԥшӡам», – ҳәа иҳәеит иара.
Вито Гриттани уи иколлегацәеи амш иалагӡаны еиҳаны алхырҭатә ҭыԥқәа рҭаара ргәы иҭоуп.
«Сара сколлегацәа аӡәырҩы иазгәарҭеит ари алхратә процесс еиҳа адемократиатә ҟазшьа амоуп Италиа аҿы аасҭа ҳәа», – ҳәа иҳәеит иара.
Дамир Кәыҵниа: алхратә ҭыԥқәа рҿы аилагарақәа рзы адыррақәа апрокуратура аусбарҭақәа рхь имнеиӡацт.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа, Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа дахцәажәо, алхратә ҭыԥқәа рҿы аилагарақәа рзы азашшрақәеи арзаҳалқәеи ҳәа акгьы апрокуратура аусбарҭақәа рхь имнеиӡацт, ҳәа адырра ҟаиҵеит. Иара алхрақәа раан апрокурорттә хылаԥшра ихадоу ахыдҵақәа дырзааҭгылеит:
- иааиуа ашшыбӷьыцқәеи арзаҳалқәеи иаразнак рыхәаԥшреи разхьаԥшреи;
- ацәгьоура аҟазаара аҟазшьақәа раарԥшраан, зыԥшра ҟамҵакәа уи азы аматериалқәа агәаҭаразы иақәнагәоу аусеилыргаратә ҟәшеиҵақәа рахь рынашьҭра.
Алхыҩцәа рактивреи иаарту алхратә процесси – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа Лӡаа ақыҭан еилагарада имҩаԥысуеит.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Милана Жьиба/. Гагра араион Лӡаа ақыҭан, Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара еиԥшҵәҟьа, иахьа акыр зҵазкуа мшуп – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа. Алхратә ҭыԥхада №10 алхырҭатә ҭыԥ №1 ахьыҟоу аҭыԥантәи Администрациа ахь шьыжьы инаркны ауаа ааира иаҿуп. Лӡаа ақыҭан ашәҟәы иҭагалоу, аха ареспублика егьырҭ араионқәа рҿы инхо аӡәырҩы ртәлауаҩратә уалԥшьа анагӡаразы – алхрақәа рылахәхара азы мацара арахь иааит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы ҳаҟан саҳәшьцәеи сареи.
Асааҭ 18:00 рзы рыбжьы арҭахьеит 55% еиҳаны.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Асааҭ 18:00 рызтәи адыррақәа рыла рыбжьы арҭахьеит 55% инеиҳаны, хыԥхьаӡарала иугозар, ари 79 019 - ҩык иреиҳауп, ҳәа Аԥсны АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы имҩаԥысуаз абрифинг аҿы иҳәеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Асааҭ 15:00 рзы рыбжьы арҭахьеит 43,5%.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Асааҭ 15:00 рызтәи адыррақәа рыла рыбжьы арҭахьеит 43,5%, хыԥхьаӡарала иугозар, ари 60 613 человек -ҩык рҟынӡа инаӡоит, ҳәа Аԥсны АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы имҩаԥысуаз абрифинг аҿы иҳәеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Асааҭ 19:30 рзы рыбжьы арҭахьеит 65%.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада иалхрақәа рҿы асааҭ 19:30 рызтәи адыррақәа рыла рыбжьы арҭахьеит 65 % алхыҩцәа, хыԥхьаӡарала иугозар, ари 94 313-ҩык рҟынӡа инаӡоит, ҳәа Аԥсны АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы имҩаԥысуаз абрифинг аҿы иҳәеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит. бхазии проходят выборы президента. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡатәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.
12:40. «Москваҟа идәықәҵахеит 4 нызықь биуллетен. Москва ақалақь аҿы абжьыҭаразы абиуллетенқәа рхыԥхьаӡара инацҵаны идәықәҵан. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ аҳәара ҟаиҵеит быжьнызқь биуллетен рзынарышьҭырц, аха акомиссиа иҟанаҵаз аҳасабрақәа ишаадырԥшыз ала, алхырҭатә ҭыԥ 12 сааҭ рыҩнуҵҟа хнызқьҩык иреиҳамкәа атәылауаа рымаҵ аура ауп иалшо.
Мусса Егзақь: «Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш абжьыҭира алҵшәақәа ирыдҳәалахоит».
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзақь иахьа имҩаԥысуа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа инарымаданы Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Ааԥхьара иаҳәоит:
«Иахьа Аԥсны азы акыр зҵазкуа мшуп. Ареспублика аҿы алхрақәа мҩаԥысуеит. Аԥсны атәылауаа аҳәынҭқарра уаҵәтәи амҩа иалырхуа, уи аҭышәынтәалареи аҿиареи шалнаршо.
Алхрақәа рылахәхара иаанаго – утәыла азы аҭакԥхықәра ухахьы агара ауп. Агәра ганы сыҟоуп, дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ аган аҿы дашзаанымхо иахьа. Ари амш – дазусҭазаалакгьы изы атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш аҿы илагала алаҵара азы зеиӷьаҟам лшароуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа 100-ҩык инарзынаԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алахәуп.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада иалхрақәа рахь аккредитациа роуит 150-ҩык рҟынӡа ажурналистцәа, ҳәа АКХ аҿы имҩаԥысыз абоифинг аҿы иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Аԥсныҟа 25 тәыла рҟынтәи иааит 100-ҩык инарзынаԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа.
Аԥсны иалагеит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 рзы Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡатәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Ашьыжь, асааҭ 8 рзы Аԥсны еиҿкааз алхратә ҭыԥхадақәа 35 рҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа 152 зегьы аатит.
– Аҟәа ақалақь аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 9, алхырҭатә ҭыԥқәа 25;
– Гагра араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 5, алхырҭатә ҭыԥқәа 29;
– Гәдоуҭа араион аҿы– алхратә ҭыԥхадақәа 7, алхырҭатә ҭыԥқәа 31;
– Аҟәа араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 2, алхырҭатә ҭыԥқәа 8;
– Гәылрыԥшь араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 3, алхырҭатә ҭыԥқәа 16;
– Очамчыра араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 6, алхырҭатә ҭыԥқәа 33;
– Ҭҟәарчал араион аҿы– алхратә ҭыԥхадақәа 2, алхырҭатә ҭыԥқәа 8;
– Гал араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 1, алхырҭатә ҭыԥқәа 2.
Алхырҭатә ҭыԥқәа Аԥсны анаҩсгьы ақалақьқәа Москвеи Черқесски иаартуп.
Абжьыҭара иалагаанӡа алхратә ҭыԥхада акомиссиа алахәылацәа анаԥшыҩцәа алархәны алхратә биуллетеньқәа рыԥхьаӡеит.
Урҭ рахьынтә уи азы азинмчы змаз ҩыџьа абиуллетень ахаҿратә ган хыхь, арыӷьарахьала рнапынҵақәа ықәдыргылеит, анаҩс урҭ аҭыԥхадатә алхратә комиссиа амҳәыр аадырхеит.








