Шьулиа Самсон-иԥҳа Гәарамиа диит нанҳәамза 28, 1934 шықәса рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан.
Дапгеит H. Крупскаиа лыхьӡ зху Ленинградтәи абаблиотекатә ус Аинститут.
Шьулиа Гәарамиа лусуратә ԥсҭазаара алагеит 1957 шықәса рзы А. М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт абиблиотека аҿы, 1979 шықәса раахыс уи адиректорс дыҟан.
1967 шықәса инаркны 1980 шықәсанӡа аицынагӡарала Аҟәатәи акультурарккаратә Ҵараиурҭа аҿы абиблиотекатә ус арҵаҩыс аус луан. Жәаба инареиҳаны икьыԥхьыз аусумҭақәа дравторуп.
Шьулиа Гәарамиа иланашьоуп Асовет Еидгыла, Қырҭтәылатәи АСР Иреиҳаӡоуи иҷыдоу абжьаратәи аҵарадырра Аминистррақәа Аҳаҭыртә шәҟәқәа, амедал «Аџьа аветеран», ААУ аректорат, апарткоми апрофкоми аҟынтәи еиуеиԥшым аҳаҭыртә шәҟәқәа.
Зыԥсҭазаара 60 шықәса инареиҳаны ззанааҭ иазызкыз Шьулиа Самсон-иԥҳа ААУ абиблиотека аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан иӡхьаз аԥсуа милаҭтә литература афонд еиҭашьақәлыргылеит.
Шьулиа Самсон-иԥҳа Гәарамиа лԥацәа аҩыџьагьы – Дмитрии Асҭамыри Адлеиаа 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын. Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Дмитри Адлеиба (31.07. 1956 – 02.09.2000 шш.) ААУ аҭоурыхи археологиеи аетнографиеи ркафедра адоцентс аус иуан.
Адлеиба Антон Константин-иԥа (1914-2000 шш.) ААУ анаукатә коммунизм акафедра адоцентс дыҟан.