Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, апроценттә хашәалахәы иадҳәаланы ахашәалахәы ахыҵхырҭақәа рҿы адивидендқәеи ароиалтиқәеи реиԥш иҟоу ахашәалахәы азы 10% рҟынӡа инаӡо иаку ашәахтә шьақәыргылахоит. Аиқәшаҳаҭра иара убас иазԥхьагәанаҭоит апроценттә хашәалахәы иадҳәаланы ахашәалахәы ахыҵхырҭақәа рҿы ашәахтә ақәҵара аҟынтәи ахақәиҭтәра. Апроцентқәа рзы ашәахтәқәа ауал зҭаз аҳәынҭқарра абиуџьет ахь ишәахоит.
Иара убас, аргылара ахьымҩаԥысуа атәылаҿы аргылаҩцәа 18 мзы рыҩнуҵҟа ахашәалахәы ашәахтә ршәара аҟынтәи рхы иақәиҭтәхоит. Ацхырааратә аамҭа аҩнуҵҟа, ҳәынҭқаррак иатәу аргыларатә еилазаара егьи аҳәынҭқарра аҵакыраҿы инанагӡо аусура есымшатәи ахаҭарнакра аԥҵара иадҳәалахаӡом. Иарбоу аамҭа иалагӡаны ашәахтә ашәара иахьынхо атәылаҿы мацара ауп иахьымҩаԥысло.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы атәылақәа рыбжьара еицырзыфеидоу аусеицура азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара алнаршоит, наҟ-ааҟ аинвестициақәа ралагалара иацхраалоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа Рминитрра аофициалтә саит.