pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы уи аоперативтә усзуҩцәеи Гагра аихамҩатә вокзал амилициа аусзуҩцәеи автомашьына «ВАЗ 2114» ааныркылеит. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ  Мумџьиан В.А., уи амашьына дицҭатәан  –Ареспублика Аԥсны атәылауаҩ Каленџьиан Г.В. Автомашьына Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа ихан. Хаҭала агәаҭараан Мумџьиан В.А. идырбалеит ҵәаҟьак ахәшә «Лирика 300 мг» зҭаз, Каленџьиан – аполитиетилентә еилаҳәара иагәылаз аххыраԥшра змоу ишкәакәоу амаҭәашьар, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект Апарламент аҿы ирыдкыланы иҟалар, усҟан уи Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рыбжьара иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа аиԥшымзаара аҭышәынтәалара иацхраауеит ҳәа агәаанагара имоуп. Иара хаҭала зыдгалара мҩаԥысуа апроект изеиԥшразаалак амилаҭтә шәарҭара аҵаны ибом.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект алацәажәара иазкны имҩаԥысыз аилацәажәара аҿы дықәгыло, Бадра Гәынба иҳәеит:

«Сара иарбоу азакәан апроект аганахьала сгәаанагара атәы сҳәар сҭахуп. Сара уи жәаҳәарада садгылоит. Уи аус адулара мҩаԥган, ихадоу уи ахәҭаны иҟоуп ицәырҵыр залшо ҳәа иԥхьаӡоу ашәарҭарақәа зегьы ҳасаб азуны еиқәыршәоу иарбоу азакәан апроект.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа – «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект авторцәа дреиуоуп.

Аԥхьаҩцәа ирыдаагалоит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы иарбоу апроект алацәажәара иазкны имҩаԥысыз аусуратә еилатәара аҿы уи иқәгылара.

Резо Занҭариа: Ҳара иахьа ҳазлацәажәо азҵаара адунеитә економика аҿы зынӡа иҿыцӡам. Ҳара зегьы иаадыруеит иара шаҟа хра злоу алҵшәақәа аанарԥшыр ауа атәы. Апарт-отельқәа — ари атуристтә усхкы аҿы акыр зҵазкуа инструментны иҟоуп, уи иааизакны аҳәынҭқарра еиԥш, уи иахьыҟоу арегион азгьы ахашәалахәы аанагоит. Иарбоу азакәан апроект хра злоу аганқәа ртәы аӡәгьы даҽазнык изеиҭаҳәара аҭахӡам, уи аполитикатә ҟазшьа аҵаҵара хықәкыс иҟамзар. Аполитизациа араҟа зынӡа иаҭахны иҟаӡам.

Иарбоу апроект хра злоу аганқәа аазырԥшуа аргументқәа рацәаны иҟоуп. Иаажәгозар тәылак апарт-отельқәа мап рцәызкыз? Иаагозар, Кипр ахатәы биуџьет 30-40% рыла аизырҳара алнаршеит абас еиԥш иҟоу аинвестициақәа раҳасабала. Атуристтә усхкы аҟны ихадоу хә-инструментк мацара ыҟоуп. Зегьы реиҳа ахашәалахәу зцу — уи еища абиуџьет алагалақәа алазгало, аиҳарак иуникалу аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа змоу арегионқәа рҿы иҟоу асанаториақәа роуп. Уи аҩыза аҭагылазаашьақәа ахьыҟам аԥсшьарҭа ҩнқәеи атуристтә базақәеи дыргылоит. Аҟәеи Гагреи ақалақьқәагьы ас еиԥш иҟоу апроект анагӡара иазинтересуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект дадгылоит.

Иарбоу апроект алацәажәара иазкны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥысыз аилацәажәара аҿы дықәгыло, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҳәеит:

«Сара аиԥылара амҩаԥысшьа сгәаԥхеит, уи анырра бзиа снаҭеит. Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа, сара сгәаанагарала, аимак-аиҿак зцу азакәан апроектқәа рылацәажәара азы мацара акәӡам изхымԥадатәиу.  Уи анагӡаратә мчра адагьы азакәанԥҵаратә мчрагьы рзы ииашоу аӡбамҭақәа рыдкылара аҿы ицхыраагӡаны иҟалоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, иааизакны ҳара ҳгәаанагара акоуп ҳәа уҳәаратәы ишыҟоу. Ҳара ҳазгәдууп, џьара уадаҩрақәак ыҟазаргьы, адемократиатә ҳәынҭқарра аҿы ҳахьынхо.  Ҵоуп, лассы-лассы  ҳдемократиа аҭышәынтәалара аҳәаақәа ирхысуеит, аха уигьы цәгьаӡам – уи аҿиараҿы ицәырҵуа аамҭалатәи ауадаҩрақәа роуп. Ҳара доусы ҳгәаанагара аартны еибаҳҳәартә аҭагылазаашьа ҳамоуп.

Шәара зегьы ҷыдала ахшыҩзышьҭра зышәҭо ари азҵаара иамоу акәама-маҵақәак ҳрылацәажәап. Сара раԥхьаӡа иргыланы абас еиԥш азҵаара схы иасҭар сҭахуп: иацы иҟаз Аԥснытәи Асоветтә Социалтә Республика ахатәы лшарала инхоз республиканы иҟазма? Ахатәы лшарақәа рхархәарала акәызма уи атәылауаа рныҟәгара шеиҿнакаауаз? Уи аганахьала ииашам агәаанагарақәа рацәоуп.  Афатәи ажәтәи Аԥсны иҭнажьуаз 12% ракәын. Ааглыхра аалыҵ акәзар 6% рҟынӡа.  Егьи зегьы абантәиаауаз?

Аԥсны анапхгара ас еиԥш иҟоу апроектқәа рыдгаларала ажәлар раҳаҭыр аларҟәра иашьҭоуп ҳәа ацәажәарақәа ыҟоуп. Сара азин сышәҭозар, инықәырԥшшәа акәзаргьы, ари азҵаара салацәажәар сҭахуп. Ажәлар раҳаҭыр ланмырҟәӡои акагьы аҽамԥсахӡакәа шеишықәса иаауазар? Уи уаҵәы, уаҵәашьҭахь зҽахьыгӡара алымшо иахьа ирыцәцаз афеида акәны иҟалар? Заҳҭнықалақь 2508-шықәса ахыҵыз аҳәынҭқарра ажәлар аҳаҭыр аларҟәра акәӡами нас уи?

2524 шықәса зхыҵуа ақалақь аҿы инхо очамчыраа раҳаҭыр аларҟәышьас иамоузеи? Уи зырҵабыргуа, Сергеи Мирон-иԥа (Шамба) сажәақәа шьақәирӷәӷәоит, археологиатә ҭҵаарақәа ыҟоуп.  Ас еиԥш ишьаарҵәыраз аибашьраҿы аиааира згаз ажәлар раҳаҭыр аларҟәышьас имоузеи? Аҳаҭыр шԥалаурҟәуа Митридат VI Евпатор заҳҭнықалақь аҿы иԥхьахьаз ажәлар?

Амазарабзанхара аҿиара амазароуп. 400 миллион мааҭ ақәхарџьны Гагратәи ашкол аиҭашьақәыргылара зыбзоурахада? Алеқсандр Николаи-иԥа Ткачиов. Иазгәаҭатәуп, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иҳаҩсхьоу аамазы аҭуџьарцәа, аишьцәа Шапшаловаа идыргылаз ахыбра аҿы ауп иахьымҩаԥгаз. Гагратәи абизнес ахала ишьақәгылеит ҳәа ҳҳәар ауама?

Гагра араион ауааԥсыра алагаратә капитал рымазма ари аҟара хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа рыдкыларазы аҭыԥқәа рыргылара азы? Еилкаау усуп, мап, уи аинвестициақәа роуп. Нас урҭ мап рцәаҳкуама? Дасшәырба ауаҩы аинвестициақәа мап рцәызкуа. Ари аҩыза ахахьы аагара цәгьоуп.

Иҟаҳҵои нас ҳара Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рганахьала? Шәеиҳараҩык сара сеиԥш Ҭҟәарчал лассы-лассы шәаҭаамлозар акәхап. 2005 шықәса раахыс сара Мрагыларатәи Аԥсны азҵаарақәа рыӡбара снапы алакын.  Ҳара еиҭашьақәҳаргылеит раԥхьатәи ахәыҷбаҳча, амузыкатә школ, аспортзал. Мыцхәы аԥара ақәмырӡыкәа. Ииашамкәа иҟаҳҵеи нас?

Иури Лев-иԥа (Ҳагәышь) идуу аобиектқәа абиуџьеттә ԥаратә хархәагақәа рыла аиҭашьақәыргылара алыршазма ҳәа  дҵаауеит? Акызаҵәык ус иҟоу ахшараиурҭа ауп, уи ҳхатәы  биуџьеттә хархәагақәа рыла еиҭашьақәыргылан 2006 шықәсазы. Уи нахыс уаҟа уаҳа акагьы мҩаԥгамызт. Ҭҟәарчал ақалақь аҿы асовет аамҭазы иргылаз аӡҭарчы аиҭашьақәыргылара ҳзалагеи? Ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра азы, ҳәа аҭак ҟасҵоит. Убри аан азҵаара ҟасҵоит, избан иахьа уи зеимырхыз ҳәа?

Ианба, насгьы ишԥацәырҵи  апроект «Аҳаирбаӷәаза»? Ҳара ари азҵаара раԥхьа ианышьҭаҳхыз уи аиҭашьақәыргыларазы зынӡа алшара ыҟаӡамызт.  Аха насыԥны иҳаман ари азҵаара аӡбара ахьзалыршахаз. Иамои уи цәгьарас? Изԥырхагахада уи?

Аӡәгьы арахь ус баша дааӡом. Дааргьы иҳәоит: «Сыхьчара, иҭышәынтәалоу азакәанԥҵара ала сеиқәыршәара шәылшома. Ааи акәзар, ҳара Аԥсны аҿиара азы ҳԥарақәа ралагалара ҳазхиоуп». Сара инҭкааны, акыр ахшыҩзышьҭра аҭаны саԥхьеит ари апроект. Уи аиқәршәашьа амариарала римтәи ахатәы зин аҟынтәи агәылҩаақәа иреиԥшуп. Даара имарианы, еилкааны, еихышәшәа  ишьақәыгылоу аусшәҟәы ауп. Апартаментқәа раахәараан уи иқәныҟәало ахаҿқәа апривилегиақәа рзаԥнаҵома? Мап! Иҟоу акы заҵәык ауп  — ашәара, ашәара, ашәара.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Москва иусуратә ныҟәара аҳәаа иҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Актәи Ахада Рашид Нургалиеви иареи реиҿцәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аргыларазы Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә Усбарҭа «Росгранстрой» аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Иван Беломестнов Краснодартәи атәылаҿацә ахь аусуратә ныҟәара наигӡеит. Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны уи Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа аҿы иҟоу Ганрацәалатәи амашьынақәа роужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер», иара убас Шәача ақалақь аҿы иҟоу амшынтә  Аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ даҭааит.

Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аргыларазы Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә Усбарҭа «Росгранстрой» аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, Ганрацәалатәи амашьынақәа роужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы Иван Беломестнов Краснодартәи атәылаҿацә ала Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура ахаҭарнакцәа дрыҿцәажәеит. Ахәҭакахьала, аҳәынҭқарратә гәаҭаратә усбарҭақәа русзуҩцәа русура аҭагылазаашьақәа рыррманшәалареи аҳәаа иахысуа атуристцәеи адәныҟаекономикатә усура алахәылацәеи ршәарҭадареи рзы ҳаамҭазтәи атехнологиатә хархәагақәа ралагалара иалацәажәеит.   Иван Беломестнов иара убас аштаттә режим ала аус зуа Шәача ақалақь аҿы иҟоу амшынатә аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ аинфраструктура аҭагылазаашьа гәеиҭеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа  атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб 2024 шықәса актәи азыбжа аҩныҵҟа инагӡаз аусура аихьшьаалақәа рзы адырра ииҭеит.  

Убас, ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡақәеи ацҵақәеи ршәара азы Атәанчаҩратә Фонд ала иазоужьхеит  708 млн. 342 нызықь мааҭ, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз аасҭа 83 млн. 696 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.  

2023  шықәса актәи азыбжа азы ишәан 624 млн. 646 нызықь мааҭ.  

Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза инаркны Атәанчаҩратә Фонд ахь абгабсатә шәатәқәа раҳасабала иалалеит 667 млн. 58 нызықь мааҭ, уи 2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз арбагақәа раасҭа 105 млн. 130 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.

Денис Гәылариа иажәақәа рыла, Аԥсны атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи роуеит 49 020 нызқьҩык, ари 2023 шықәсазы аасҭа 5 314 нызқьҩык рыла еиҳауп.

Атәанчахәы ахь ацҵақәа роуеит 13 792-ҩык, уи  2023 шықәсазы аасҭа 2 430 –ҩык раасҭа еиҳауп.  

Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәсазы зфинасыркра мҩаԥгаз атәанчахәқәа рахь ацҵақәа реицҵалыҵ 175 млн. 131 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи 2023 шықәсазы иҟаз арбага аасҭа  17 млн 427 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.  

2024 шықәса алагара инаркны абгабсатә шәатәқәа рыла ауалқәа ршәаразы аҭакԥхықәра анагӡара аамҭала иаанкылан, даҽакала иуҳәозар, амобилизациа азун – 72 млн 326 нызықь мааҭ. Зынӡа  аԥарашәаҩы иԥхьаӡаратә ԥхьаӡара аҟынтәи аԥарақәа ҽҳәарада аныхра алзыршо аинкассатә шәҟәынҵақәа рыла идыршәаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 13 млн. 9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс аҿари абҩарҵәыратә культуреи рыҿиара аҟәшеи Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки IX абаза жәлар Рыхәмаррақәа ирылахәхо  аԥснытәи аспортсменцәа рԥылара мҩаԥыргеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс аусзуҩцәа Валери Берзениеи Есма Кәыҵниаԥҳаи, иара убас Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба аделегациа ирыҿцәажәо урҭ рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит абжьгарақәагьы рырҭеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион аҿы алаҵаратә усурақәа хыркәшахеит. Иҭышәынтәаламыз аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны сынтәа алаҵаратә усурақәа рынагӡара ԥхынгәымза 12 аҟынӡа ицеит. Очамчыра-информ акорреспондент диҿцәажәо ицәырҵыз ауадаҩрақәа рыӡбара азы инагӡахо аусқәа  ртәы далацәажәеит Очамчыра араион Ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭенгиз Какәыбаа.

Уи иажәақәа рыла, иҭышәынтәаламыз аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны сынтәа алаҵаратә усурақәа рынагӡара абжьааԥны аиҳа иадхалеит. Сынтәа ааԥын анхацәа рзы имариамхаӡеит: лассы-лассы ақәа ауан, уи иахҟьаны ихыҵит аӡиасқәа Аалӡгеи Дӷамшьи, аџьықәреи акарпыжәи ахьыларҵахьаз амхәурсҭақәа аӡы рыҵалеит.  

Араион Ахадара ахаҭарнакцәеи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахаҭарнакцәеи ақыҭақәа рхадацәеи араионтә Еизара адепутатцәеи аӡы ахьрыҵалаз аҭыԥқәа рахь инеины иҟалаз аԥхасҭа азы ашәҟәынҵақәа еиқәдыршәон.  Урҭ анаҩс аԥхасҭа зауз анхацәа аматериалтә цхыраара рыҭара азы аминистрцәа Реилазаара ахь идәықәҵахеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.