«Кавказ ахьчаҩцәа рыԥсҭазаара ахҭынҵаны ирылшеит аӷа иҿагылара. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам Аиааира аагараҿы Аԥсны иреиӷьыз аԥацәеи аԥҳацәеи рхы шахҭнырҵаз», — ҳәа иҳәеит Давид Бжьаниа.
Ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы – Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡааан анемец мпыҵахалыҩцәа Аԥсны иааныркылаз аиланхарҭатә ҭыԥ заҵәык акәын. Ар Ҟаԥшь аӷа ӷәӷәала иҿагылеит.
Абаҟа аартра азкын ақыҭа афашисттә мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш. Иҭахаз аруаа рыԥсыбаҩқәа ԥшааны 1963 шықәсазы ақыҭа агәҭаҿы аиашьаратә ԥсыжырҭаҿы анышә иамардеит.