«Сынтәатәи апрограмма аҿы маҷк аиҭакрақәа алагалоуп. Ишьҭыхуп аҵиааӡара аҿиара аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ, апроект азы алимит миллионк аҟынтәи иалагоит. Иара убас ақыҭанхамҩа аалыҵ аус адулара азы апроектқәа рзы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ шьҭыхуп. Уаанӡа 10 миллион мааҭ рҟынӡа аԥкра алагалан. Уаанӡа ақыҭанхамҩатә техника аахәаразы проектк азы алимит 600 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡозҭгьы, уажәы уи 1 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Џьопуа.
4 шықәса рыла, 2021 – 2024 шш. рзы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма азы иазоужьын 450 миллион мааҭ. Иарбоу аамҭахәҭа азы иахәаԥшит зқьи бжаки рҟынӡа апроектқәа, урҭ рахьынтә ақәыршаҳаҭра роуит 822 проект.