АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:18

Имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭаразы апрограмма афинансыркразы 2025 шықәсазы 200 млн. мааҭ азоужьхоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ахылаԥшратә аамҭакьаҿ иҭагӡоу ахықәкытә программа  «2025 шықәсазы имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара» шьақәнарӷәӷәеит.  

«Имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара иазԥхьагәаҭоу афинансыркра алимит 100 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рхашәала ҳазҭоу афинанстә аамҭахәҭа азы 20 млн. мааҭ иреиҳахароуп. Уи Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоу, абиуџьет аҿаԥхьа еиԥш акоммуналтә маҵзурақәеи рзы ауал зқәым,  аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи ракәхар ауеит, - ҳәа илҳәеит аекономика аминистр инапынҵақәа назыгӡо Кристина Озган.

Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба апрограмма афинансыркра 200 млн. мааҭ рыла ашьҭыхра азы ажәалагала ҟаиҵеит. Аминистрцәа Рхеилак алахәылацәа ари ажәалагала иақәшаҳаҭхеит. Имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭаразы апрограмма афинансыркразы 2025 шықәсазы 200 млн. мааҭ азоужьхоит.

Кристина Озган лажәақәа рыла, апрограмма алахәылак изы аҳәынҭқарратә афинанстә цхыраара  анаӡаратә хышәа-ҵышәа 800 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә 80% аҳәынҭқарра ахьӡала асубсидиа аҳасабала иазоужьхоит, 20% афинансыркра апроект аԥшьгаҩ ихала имҩаԥигоит. 

 

 


Read 21 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.