
pressadmin-2
Очамчыраа ақалақь Амш аламҭалазы асанитартә акциа мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Амш азгәаҭаа аламҭалазы Очамчра ақалақьзегьтәи аекологиатә санитартә усмҩаԥгатә мҩаԥыргеит. Ашьыжь шаанӡа инаркны аусурақәа ирылагеит араион Ахадара, абиуџьеттә еиҿкаарақәа рхаҭарнацәеи зықалақь бзиа избоу ауааԥсыреи.
Амшира Очамчыра инарҭбааны иазгәанаҭараны иҟоуп ԥхынгәымза 13 аҽны. Ари амш аҽны ақалақь иазыԥшуп хыԥхьаӡара рацәала асасцәа: Аԥсны Анапхгара, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа аиашьаратә қалақьқәа рҟынтәи ахаҭарнакцәа.
Араион Ахадара атуризми жәларбжьаратәи аимадарақәеи амассатә информациа ахархәагақәа рымадареи рзы аҟәша аиҳабы Дмитри Кобахьиа аилыргаратә усҩаԥгатә шымҩаԥысуаз атәы еиҭеиҳәеит.
«Аҩны аԥшәма асасцәа раара дшазыԥшу, иҽшазыҟаиҵо еиԥшҵәҟьа ҳаргьы ҳҽеилҳаргоит, ҳҽазыҟаҳҵоит, избан акәзар ари ҳара зегьы ҳаҩны, ҳақалақь гәакьа ауп. Иахьа доусы илшоз ала ацхыраара ҟаиҵеит. Анапхгаҩцәа, урҭ рхаҭыԥуаҩцәа, аусзуҩцәа, зегьы еиԥшны еидгыланы аус руан», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аԥсышәала ицәажәо аудиошәҟәқәа хәба рӡыргара мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы аԥсышәала ицәажәо аудиошәҟәқәа хәба рӡыргара мҩаԥысит. Абри азы адырра ҟалҵеит Аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа.
«Ҳара ҳусбарҭа, еиҭагоу аклассикеи иоригиналу ахәыҷтәы литературеи уахь иналаҵаны, ахәыҷтәы литература аҭыжьра иазку аусура мҩаԥнагоит», - ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Гәында Кәыҵниаԥҳа, иахьа аудиодискқәа шьҭа уиаҟара актуалра рыманы иҟаӡам, аха аудиошәҟәы аформат апопулиалра аҵоуп ҳәа иазгәалҭеит.
«Иҭҳажьуа ашәҟәқәа зегьы рахь аудиошәҟәқәа ацҭҳажьуеит, избан акәзар иҟоуп ауаа зхатәы бызшәала аԥхьашьа ззымдыруа. Уи хымԥадатәиуп иара убас ахәыҷқәа аԥсышәала ацәажәара раҳарц, игәныркыларц азы. Аудиошәҟәқәа абжьы ахарҵоит ҳара ҳактиорцәа, иара убри ала ҳара, ус иуҳәар ауазар, атекст аҳареи ҳбызшәа иамоу аԥшӡареи абеиареи анырреи рзы алшара аԥаҳҵоит», - ҳәа илҳәеит лара.
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭеилакы аусура, раԥхьа иргыланы атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш – еиҵагыло аҿар ирзырхоуп.
«Ишыжәдыруа еиԥш, уажәы даара иполулиарны иҟоуп асоциалтә ҳақәа, убри аҟнытә ҳара а-телеграм канали а-иутуб-канали раартра азы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Араҟа иубар алшоит еицырдыруа аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи иаԥырҵаз ахәыҷтәы жәеинраалақәеи алакәқәеи. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ахәыҷқәа рзы аинтерес зҵоу аҿыц лагалақәа рыҟаҵаразы», -ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Гәында Кәыҵниаԥҳа.
Аудиошәҟәқәа аус рыдырулон арҿиаратә коллектив. Уи аилазаараҿы аредактор хада Гәында Кәыҵниа лнаҩс иҟоуп абжьырежиссиор Алхас Марколиа, апроект анапхгаҩы Гәында Сақаниа, арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа, иара убас атеатр актиор ҿарацәа.
Ааигәа аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аԥсшәахь еиҭагоу Г. Х. Андерсен илакәқәа актәи аизга аҭыжьра мҩаԥнагеит, уажәы аҭыжьразы аҩбатәи ахәҭа архиара иаҿуп. Гәында Кәыҵниа, 2025 шықәсазы аԥсуа мультфильм аҭыхра азы аԥаратә хархәагақәа разԥхьагәаҭара азы агәҭакқәа ыҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.
Абжьырежиссиор Алхас Марколиа апроект аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, уи иаҵоу аҵакы ахадарагьы азгәеиҭеит.
Уахыки-ҽнаки рыла 12- ҩык ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз иахҟьаны амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымырхит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут хаҭала ихылаԥшрала Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рҿы ареидқәа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы иҟало иалагаз аԥстәбара зцу амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа инарымаданы, ареспубликатә мҩадуқәа рҿы амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара аҩаӡара ашьҭыхра иазырхоу ареидтә усмҩаԥгатәқәа рӷәӷәоуп.
Автоҳәынҭинспекциа аусура ахылаԥшра азҭо, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, амҩа-транспорттә машәырқәа реиҳарак ижәны, мамзаргьы анаркотиатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа рхарала иҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа ас еиԥш иҟоу амашьанарныҟәцаҩцәа , иара убас зыламыс кьаҿу, аусуразы ихымԥадатәиу алицензиа ада апассаџьырцәа мҩанызго ауаажәларратә транспорт аныҟәцаҩцәа раарԥшра рҽазыршәоит.
Очамчыра араион аҿы инхо ахаҵа цәгьашақә атәым мазара ақәхра азы ахара идҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амца ацраҵарала атәым мазара аԥхасҭатәреи ақәхреи рзы ахара идҵоуп 1987 шықәса рзы ииз, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа иатәу, аха аамҭала Гагра араион аҿы инхо Хубуҭиа Џьино Даур-иԥа. Уи ииблыз амазара ахәԥса аицҵалыҵ 1 млн. 200 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Џьино Хубуҭиа ззин еилагоуи иареи ирыбжьалаз аимак-аиҿак ашьҭахь, аҵх иҽалагӡаны Ԥсахара ақыҭан иҟоу уи лыҩны аҵакыраҿы днеины 1 литрак абылтәы ихы иархәаны уа игылаз автомашьына Toyota Crown Athlete амца ацреиҵеит. Убри аан иара убас уи ааигәаа игылаз даҽаӡәы имашьынагьы амца акит. Анаҩс Џьино Хубуҭиа аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Ешыра ақыҭаҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ешыра ақыҭаҟны арҿыцра-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо гәеиҭеит. Аҟәа араион Администрациа ахада Алхас Ҷыҭанаа Аҳәынҭқарра Ахада дицны Шыцкәара аҳаблаҟны инеит, ара акаҭран ақәҵаразы ицо аусурақәа, шамахамзар, ихыркәшоуп.
Шыцкәара аҳаблаҟны амҩа еиҭашьақәыргыламызт 1990 шықәса раахыс. Аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩныҵҟала ақыҭа ауааԥсыра амҩа аиҭашьақәыргылара азҵаара инамаданы изныкымкәа атәыла ахадарахь иадҵаалахьан. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит ашьаҟауаа рзеиԥш, амашьынарныҟәцаҩцәа рызгьы», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иахьаҵанакуа мҽхакы ҭбаала арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит.
Аҟәа Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк ахь инеиуа амҩа аҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит. Апарк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгиз Џьергениа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо имҩаԥгаз аусурақәеи иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи дрылацәажәеит.
Ҭенгиз Џьергениа иажәақәа рыла, Гагтәи аӡхыҽҽа ахь инагоу 20 км. рҟынӡа иҟоу амҩа аҿы арыцқьаратә усурақәа иҷыдоу атехниа ахархәарала имҩаԥысуан ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аусурақәа есышықәа имҩаԥысуан, аха уажәы уи амҽхак еиҳа еиҳахеит. Ари даара акыр аҵанакуеит атуристцәа рзы, иара убас ҳмашьынарныҟәцаҩцәагьы рзы. Ари аҟара ауаа ахьаауа аҭыԥ аҿы иҭшәоу амҩақәа рҿы дара-дара еизыԥшлар акәхон, уи аамҭа рацәа рцәагон, иаргәамҵуан. Шьҭарнахыс уи аганахьала изеиԥшразаалак уадаҩра ыҟаӡам», – ҳәа еиҭеиҳәеит иара.
Аӡрыжәтә азымхара апроблема аӡбара иаҿуп Гал араион аҿы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион Шьашьыкәара ақыҭан арезервтә ӡхагаларатә станциа аргылара иадҳәалоу аусурақәа ахыркәшарахь инеит. Уи араион ӡыла аиқәыршәараҿы иҟоу аиԥҟьарақәа рыпроблема аӡбара алнаршоит.
«Акыр аамҭа Гал ақалақь аҿы ӡыла аиқәршәара апроблема ыҟан. Ҿыц иргылахо аӡхагаларатә станциа араион ауааԥсыра иҭышәынтәалоу ӡыла аиқәршәара рнаҭоит. Ихадоу астанциа аҿы аиԥҟьара ҟаларгьы, уи автоматла (ахала) аусура иалагоит, иара убри ала аӡы аашьҭра аганахьала апроблемақәа акыр иармаҷуеит», - ҳәа иҳәеит гал араион Ахадара афинанстә Усбарҭа аиҳабы Ҳаџьараҭ Аӡынба.
Идыргылахьеит аӡхагаларатә станциа ахыбра, ишьақәыргылоуп амқьаҭқәа зықәыргылахо аиха-бетонтә шьаҟақәа, асовет аамҭа азы ижыз 11 ҵеиџь рҟынтәи 4 еиҭашьақәыргылоуп.
«Ҵеиџьк аусура иалагахьеит, уи иаанашьҭуа аӡы амҽхак ҳара акыр иаҳзыманшәалоуп. Иара убас иаахәан ишьҭоуп ихымԥадатәиу аҵантәии адәныҟа ирхоуи аӡхагалагақәа, хара имгакәа, иааиуа ҩымчыбжь иахымгакәа урҭ Аԥсныҟа иаагахоит. Ари астанциа арезервтә ҵакы адагьы, ӡыла аиқәыршәара асистема аҿы иахәҭоу ақәыӷәӷәара ашьақәыргылара азы иназыцҵоу ахархәара аманы иҟалоит», – ҳәа изаамҭанытәиу апроцесс дахцәажәо иазгәеиҭеит анардкыларатә еиҿкаара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «ДАНА» ахаҭарнак Саид Сангәлиа.
Араион Ахадара ахаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, аргыларатә усурақәа ирылагаанӡа аӡы ахкы агәаҭарақәа мҩаԥган, уи асанитартә нормақәа зегьы ишрықәшәо шьақәырӷәӷәахеит.
Иара аӡхагаларатә станциа ахьыргылахо аҭыԥ ахаҭа акәзар, уаанӡа уаҟа иӡбаараны иҟан, аха аԥслымӡ-бӷанҷтә еилаԥса ахархәарала адгьыл аҿыгҳара ашьҭыхра иадҳәаланы имҩаԥгаз аусурақәа ирыбзоураны араҟа аринахыс аӡы ақәлараны иҟаӡам. Ишьақәыргылахо асистема 100 кубометр рҟынӡа зкуа амкьаҭ аус анаруеит, анаҩс уаантәи аӡы ахалацарала адәахьтәи аӡхагалақәа рҟынӡа инеилоит, уаантәи ақалақь аӡеиқәыршәагатә система иалалоит.
Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәшеиҵа Давид Гәлиа иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәшеиҵа Давид Гәлиа иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.
Гәлиа Д. А. иџьбароу арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы кны амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара иахьҟаны ҩыџьа инареиҳаны ауаа рыԥсра азы ахара идҵоуп.
Амҩа-транспорттә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу ахҭыс ҟалеит Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭан ԥхынгәымза 7, асааҭ 21:45 рзы.
Елҟан Гәазаа атлетика хьанҭазы Урыстәыла ачемпионат ихы алаирхәуеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсмен Елкан Гәазава атлетика хьанҭазы Урыстәыла ачемпионат ихы алаирхәуеит. Аицлабрақәа мҩаԥгахоит ԥхынгәымза 16–21 рзы, Новосибирск ақалақь аҿы ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, атурнир аҿы амедалқәа раиура рҽазыршәоит 20 акапантә категориақәа ирыҵанакуа 300-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Урҭ Урыстәыла 65 регион рҟынтәи иқәгылоит.
«Амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа – ари амилаҭтә шәарҭадара азҵаара ауп»: Жәлар Реизара-Апарламнт аҿы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак аилатәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак аилатәара мҩаԥысит Жәлар Реизара-Апарламнт аҿы.
Аилак аусура рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуеи.
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара убасҵәҟьа Жәлар Реизара-Апарламенти аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи русеицура ахылаԥшра азҭо аусуратә гәыԥ еиҿкаахоит ҳәа иҳәеит.
«Шәара ижәдыруеит иҳаҩсыз ашықәс азы ҳара арыжәтә џьбара ыжәны амашьына аԥсҟы акра азы ахьырхәратә уснагӡатәқәа шҳарӷәӷәаз, уи, аиашазы алҵшәақәак аанарԥшит. Аха Аԥснытәи амҩақәа рҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рыԥхьырҟәҟәара, аиҳарак аԥхынтәи аамҭахәҭа азы, ҳара иҳалымшаӡеит. Ари зегьы ирзеиԥшу проблемоуп, уи хымԥада аҿагылара аҭахуп. Ҳара аҿар анышә иаҳҭоит. Ҳара Апарламент аганахьала иааиԥмырҟьаӡакәа аусеицура ҳазхиоуп. Иаҭахханы иҟалозар, ахьырхәратә ԥҟарақәа еиҳагьы рырӷәӷәара, амҩадуқәа рҿы авидеокамерақәа рышьақәыргыларазы абиуџьет аизырҳара азы аӡбамҭақәа рыдкылара ҳазхиоуп. Иахьа даараӡа иуадаҩу аҭагылазашьа шьақәгыланы иҟоуп. Ҳара излауа ала зегьы ҟаҳҵароуп амҩақәа рҿы аԥстәбара зцу амашәыртә хҭысқәа рырмаҷразы», - ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.
Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа, иахьатәи аилатәара атәыла амҩадуқәа рҿы акыр ишәарҭоу аҭагылазаашьа ахьышьақәгылаз, насгьы иацы иҟалаз, знык ала хҩык рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз атрагедиа иадҳәалоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс мзыс хадас иҟоу ижәны амашьына аԥсҟы акра ауп ҳәа иҳәеит. Уи ирҵабыргит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киутгьы.