Аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоуп атәыла аҭоурых аҿы злагала ду алазҵаз Аԥсны аҳәса рфотосахьақәа. Афотосахьақәа рхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит, сынтәа урҭ рхыԥхьаӡара 36 рҟынӡа инаӡоит. Иарбоу афотосахьақәа ирныԥшуеит Сариа Лакоба, Адиле Абас-оглы, Қериман Халис-Ебжьноу, Алеқсандра Наӡаӡе, Мери Аҩӡба, уҳәа Аԥсны еицырдыруа аҳәса рхаҿсахьақәа.
Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымш аламҭалазы Ельза Ҳагба ареспублика иқәынхо аҳәса зегьы ирыдылныҳәалеит ари аныҳәа шьахә, ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аҭынчра, ахирра.