АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Хәажәкыр.2025

Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала имҩаԥысит налукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Актәи Ахада, «Ахьӡ-Аԥша» аорден   I аҩаӡара занашьаз Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы аҳәынҭқарратә комиссиа актәи аилатәара.

Аҳәынҭқарратә комиссиа иалахәхеит атәыла Анапхгара алахәылацәа, аусбарҭақәеи амассатә информациа ахархәагақәеи рнапхгаҩцәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аибашьратә фырхаҵара амузеи адиректор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, Владислав Ардӡынба идгылаҩцәа.

Аилатәара иалахәыз Урыстәылатәи аҵарауаа злаху анаукатә конференциа зхыԥхьаӡараҿы иҟоу, аиубилеитә мшқәа рзы иазырхиатәу аусмҩаԥгатәқәа ирылацәажәеит.

Аилатәара алахәылацәа доусы ражәалагалақәа акомиссиа ахь ахәаԥшразы ицәырыргоит.


Read 87 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.