АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:35

400 тонна инареиҳаны амимоза експорт ҳасабла Аԥсны иалганы Урыстәылаҟа идәықәырҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа рекордла ирацәаны Аԥсны иалганы Урыстәылаҟа иргаз амимоза (араӡны лакациа) ашәҟәы иҭаргалеит.

«Ахьтәы ашәҭшьыҵәрақәа» рыиагара амҽхак иҳаҩсыз ашықәс аасҭа ҩынтә еиҳахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Ганрацәалатәи амашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ аҳазалхратә ԥыԥшырҭа «Адлер» аҿы агәаҭара иахысит  400 тонна  инареиҳаны ихьыԥшшәылоу ашәҭшьыҵәрақәа. Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымшныҳәа – Хәажәкырамз 8 мышқәак шагыз уахыки ҽнаки рыла ииаргон  25 инаркны 50 тонна рҟынӡа ашәҭ еидара. Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны иалганы Урыстәылаҟа идәықәырҵеит 240 тонна амимоза.

Сынтәа заа ишьақәгылаз аԥхаррақәа  ашәҭ сезон заанаҵы алагара иацхрааит, уи хацыркхеит ажьырныҳәамза алагамҭазы. Аусдкылаҩцәа амимоза Краснодар, Ростов-на Дону, Москва, уҳәа ақалақьқәа рахь иргоит.  Атәылауаа анапылеидара ала рхатә ҭаххрақәа рзы ахәаахәҭразы ашәҭқәа Урыстәылаҟа ииаргоит.

Лассы иԥхасҭахар зылшо ашәҭ аалыҵ иарку аҭрақәа рыла, ирхьшәашәоу арежим ала ииаргоит. Аҳазалхыҩцәа ирласны аҳәаа ахыжьразы рхы иадырхәоит адокументқәа реиҿкаара зырманшәало ирмариоу апроцедурақәа. Атранспорттә хархәагақәа ракәзар аидара ақәымхыкәа аҿыц технологиақәа рхархәарала ирласны, еффективла агәаҭара мҩаԥыргоит.

 


Read 161 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.