АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Хәажәкыр.2025

Бадра Гәынба Аԥсны Ахадас далхуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаԥысит. Араҟа Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан дықәгыло Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур алҵшәақәа еихшьаалоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Урҭ инарықәыршәаны Бадра Гәынба аиааира игеит ахадарахьы алхрақәа аҩбатәи атур аан, убас ала уи Аԥсны Ахадас далхуп.

Бадра Гәынба иоуит 54,73% абжьқәа. Уи рыбжьы ирҭеит -  54 954-ҩык. Адгур Арӡынба - 41,54%, уи рыбжьы ирҭеит - 41 708 -ҩык.

«Зынӡа иааизакны абжьыҭира рхы аладырхәит Ареспублика атәылауаа зегьы рҟынтәи 70%, уи хыԥхьаӡарала иартәоит  100  412 - ҩык. Зегьы ирҿыгыланы рыбжьа арҭеит 2065-ҩык, 1687 цыра абиуллетен ԥхасҭоуп ҳәа ишьақәыргылахеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Дмитри Маршьан.

Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур алҵшәақәа реихшьаалақәа инақәыршәаны аиааира игеит Гәынба Бадра Зураб-иԥа.

Дмитри Маршьан ишазгәеиҭез ала, абжьыҭара аҩбтәи атур ахь иааз ауаа рхыԥхьаӡара актәи атур иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 1000-ҩык рҟынӡа еиҳан. Алхрақәа рахь иааз ауаа рхыԥхьаӡара еиҳахеит иара убас Аԥсны анҭыҵ, ақлақбқәа  Москвеи Черқесски иаартыз алхратә ҭыԥқәа рыҿгьы.

Дмитри Маршьан иажәақәа рыла, хазы игоу аилгарақәа шьақәыргылан, аха урҭ алхратә система амҩаԥысра акала анырра арҭаратәы иҟамызт.

«Акандидатцәа рыбжьара аивгазаара 13% иреиҳауп, убри аҟнытә уи алхрақәа реихшьаалақәа акала изаныԥшӡом», - ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.


Read 38 times - Аҩаша, 11 Хәажәкыр 2025 01:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.