«Араҟа иҟаӡам ақырҭцәа ирыдгыло, иҟаӡам иара убас аҭырқәцәа, америкаа, мамзаргьы акитаиццәа рганахь ихьаԥшуа аполитикцәа, араҟа иҟоу, алхрақәа зхы алазырхәуаз зегьы аԥсуаа ирыхәаша иашьҭоу, Зыԥсадгьыл ԥхьаҟатәи аԥеиԥш згәы ицхо мацара роуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Бабурин.
Сергеи Бабурин агәыӷра ааирԥшит 2025-тәи ашықәс азы имҩаԥысыз алхрақәа реихшьаалақәа рыла Аҳәынҭқарра Ахадас иалырхыз Бадра Гәынба икоманда уи иоппонентцәа рҟынтәи иаарԥшыз ажәалагалақәагьы ахшыҩзышьҭра шаҭахо азы. Уи иажәақәа рыла, Адгәыр Арӡынба икоманда мацара акәымкәа, актәи атур иалахәыз акандидатцәагьы уахь иналаҵаны ирзыӡырҩызар еиӷьхоит.
«Сара алшара сыман арҭ азҵаарақәа рыла акандидатцәа зегьы рыҿцәажәара. Сара агәыӷра сымоуп дара-дара еилибакаап ҳәа, Аԥсны акзаара азы зегьы рымчқәеи рылшарақәеи еиларҵарц шахәҭоу рдырып ҳәа. Аԥсны еиҳа аекономика арӷәӷәара иалагарц, асоциалтә сиситема, атуризм, уҳәа егьырҭ аусхкқәа рырҿиара азы аидгылара аҭахуп. Насгьы Урыстәыла аус ацура еиҳа иҳараку аҩаӡараҿы амҩаԥгара аҭахуп», - ҳәа иҳәеит Сергеи Бабурин.