АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Хәажәкыр.2025

Владимир Путин Бадра Гәынба Аԥсны Ахадас иалхра идиныҳәалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2025 шықәса.  Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ҿыц иалырхыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы дықәиҵеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, ишәыдышәкыл Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҿы ижәгаз аиааира азы сара сҟынтәи гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара. Ажәлар рхы иақәиҭны ргәазыҳәара аарԥшрала имҩаԥысыз алхрақәа рҟны аиааира ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны атәылауаа аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭышәынтәалареи атәыла еиҳа-еиҳа иҳаракхо асоциал-економикатә ҿиареи рзы Шәара илышәхыз амҩа ишадгыло. Агәра сгоит аҩтәылак рыбжьара аиҩызаратәи аусеицуратәи еизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы ишдырӷәӷәало аҩжәларык ирзеиӷьу аԥеиԥш азы», — ҳәа иаҳәоит ателеграмма атекст аҿы.

Владимир Путин Бадра Гәынба изеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәеи аизҳазыӷьареи.  

Хәажәкырамза 1 рзы имҩԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур аҿы рыбжьы арҭеит 70% алхыҩцәа. Урҭ рахьынтә Бадра Гәынба иоуит 54,73% абжьқәа. Уи рыбжьы ирҭеит   - 54 954-ҩык.         

 

 


Read 34 times - Аҩаша, 11 Хәажәкыр 2025 01:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.