«Агәра ганы сыҟоуп, Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала Шәара шәусура иабзоураны амилаҭтә ҳәоуеиқәшәара шыҟало, аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭышәынтәалара шышьақәыргылахо, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу апроблемақәа қәнагала рыӡбара ишацхраауа», — ҳәа Иаҳәоит атекст аҿы.
Аԥсны Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥысит. Аиааира игеит Бадра Гәынба, иара иоуит 57% алхыҩцәа рыбжьқәа.