pressadmin-2
Урыстәыла атранспорт Аминистрра мшаԥымза 30 инаркны цәыббрамза 30 рҟынӡа «иаку» абилеҭ ала ауаа Урыстәылантәи Аԥсныҟа, иара убас шьҭахьҟа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа рымҩангара иалагоит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла атранспорт Аминистрра мшаԥымза 30 инаркны цәыббрамза 30 рҟынӡа «иаку» абилеҭ ала ауаа Урыстәылантәи Аԥсныҟа, иара убас шьҭахьҟа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа рымҩангара иалагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла атранспорт Аминистрра Иаку атранспорттә напхгараҭара.
Раԥхьаӡа "иаку" абилеҭ ала Урыстәылантәи Аԥсныҟа аара еиҿкаан 2017 шықәсазы.
2024-тәи ашықәс азы акурорттә аамҭахәҭа азы абилеҭқәа рыҭира иалагахьеит.
Адлер аихамҩа авокзали Шәача аҳаирбаӷәазеи рҟынтәи ауаа автобус маҷқәа рыла имҩаныргоит Аԥсны хә-қалақьк рахь: Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа.
2023 шықәсазы Гал араион аихшьалатә биуџьет ахатәы хашәалақәа рыла 300,3 млн. мааҭ иартәеит, ахарџьқәа рыла 307,6 млн. мааҭ.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Гал араион администрациа ахада 2023 шықәсантәи аусура аихшьалақәа рзы аҳасабырба идиикылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Константин Ԥлиа Ахада иҟны инарҭбааны аҳасабырба ҟаиҵеит 2023 шықәса аҩныҵҟа Гал араион аҿы иҟаз аҭагылазаашьеи 2024 шықәсазы аҿиара аԥеиԥши ирызкны.
«Иҳаҩсыз ашықәс араион азы акыр алҵшәа аманы имҩаԥысит, уи азы шаҳаҭра руеит ашәахтәтә еизгатәқәа рыплан инацҵаны анагӡара ахьалыршаз.
Аслан Бжьаниа аҳәара ҟаиҵеит арбагақәа рзааҭгыларзы, араион абиуџьет инарҵауланы алацәажәаразы.
«2023 шықәсазы Гал араион аихшьалатә биуџьет иартәеит ахашәалақәа рыла 300,3 млн. мааҭ, ахарџьқәа рыла 307,6 млн. мааҭ. Азымхара ҟалеит 7 млн. мааҭ рҟынӡа. Гал араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа анагӡара ахатәы хашәалақәа рыҟны 2023 шықәсазы иартәеит 87,3 млн. мааҭ (аплан аҟны иарбаз 68,2 млн. мааҭ раан), 19,1 млн мааҭ рыла еиҳаны, инагӡоуп 128 %. 2022 шықәсазы иадкыланы иаааиз ашәахтәқәа 31,9 млн. мааҭ рыла еиҳауп», - ҳәа иазгәеиҭеит Константин Ԥлиа.
2023 шықәсазы Аҟәа араион абиуџьеҭ ахатәы ааимҭақәа рыплантә рбагақәа 136% рыла инагӡоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион администрациа ахада 2023 шықәсантәи аусура аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа араион администрациа ахада 2023 шықәсантәи аусура аихшьалақәа рзы аҳасабырба идикылеит.
«Процентла иаҳҳәозар аҭагылазаашьа абас иҟоуп: ахатәы ааимҭақәа рыплантә рбагақәа нагӡоуп 136% рыла (планла иарбаз 105,3 млн мааҭ аан ааимҭақәа идыртәеит 143,3 млн мааҭ). Адотациақәеи асубсидиақәеи рзы аплан ала - 100%. Иаҳцәыӡыз аплантә рбагақәа идыртәеит 256,1 млн мааҭ - инагӡоу 249,6 млн мааҭ, даҽакала иаҳҳәозар, 98%», - араион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәеит Алхас Ҷыҭанаа. Ахада дазҵааит ареспубликатә биуџьет аҟнытә ахархәагақәа реихшара шыҟалаз, изызкыз.
«2023 шықәсазы ҳара ареспубликатә биуџьет аҟнытә иҳауит 18,8 млн мааҭ. Арҭ ахархәагақәа еиҳарак асоциалтә проблемақәа рыӡбарахь идәықәҵан, ауаа еиԥҟьарада ӡыла реиқәыршәарагьы убрахь иналаҵаны.
Иара убас ареспубликатә биуџьет аҟнытә аԥара азоужьын абарҭ апроектқәа рынагӡаразы: Ешыра ақыҭаҟны аспортшҭа аиҿкааара (4,5 млн мааҭ); анхарҭа ҩны № 24 Гәмысҭа ақыҭаҟны шьаҭанкылатәи арҽеиратә усура (0,5 млн мааҭ); Ҷанба имҩаҟны, 1 амҩаҿахҵәа акаҭран ахҟьаразы шьаҭанкылатәи арҽеиратә усура (3,7 млн мааҭ).
Аслан Бжьаниа Багаԥшь Сергеи Уасил-иԥа диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын.
Аҟәа. Хәажәкырамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 1 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра ақалақь аҟны иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Багаԥшь Сергеи Уасил-иԥа диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку агәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын.
Аҳәынҭқарра Ахада 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Анаҩс Ахада Акультура ахан аҟны «С.У. Багаԥшь - 75» захьӡу ацәыргақәҵеи аныҳәатә еилатәараеи дырҭааит.
2023 шықәсазы Гагра араион ахашәалахәқәа миллиард мааҭ иреиҳахеит.
Аҟәа. Жәабранмза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион администрациа ахада иҟнытә 2023 шықәсаантәи аусура аихшьалазы аҳасабырба идикылеит.
2023 шықәсаантәи абиуџьет анагӡара иазкыз аҳсабырбаҟны иазгәаҭоуп афинанстә усураҟны аихьӡара дуқәа шыҟоу. Гагра араион ахада иаҵшьны иҳәеит иҳаҩсыз ашықәс азы ауадаҩрақәа шыҟазгьы, администрациа аҿаԥхьа иқәгылаз ауснагӡатәқәа рынагӡара шалшаз.
Иури Хагәышь иажәақәа рыла, ахашәалақәа ирызҳаит 893 млн мааҭ рҟынӡа, ахарџьқәа 1 млрдки 201 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит (2022 шықәсаҟнытә ииасуа ацәынхеи (147,9 млн мааҭ) еизырҳау асубсидиақәеи рыла (45,4 млн мааҭ).
Аплан аҟны иарбаз 893,8 млн мааҭ раан ааимҭақәа идыртәеит 1 млрд 063 млн мааҭ, ари иартәеит аплан аҟнытә 119% (+169,9 млн мааҭ). Абиуџьет ахарџьтә хәҭа нагӡоуп 98,8%, ҷыдала урҭ рзынархан шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәеи араион аиҿкаареи.
«Иара убас аџьаԥса иазоужьуп 386, 3 млн мааҭ. Ара иазгәасҭарц сҭахуп 2023 шықәсазы ахатәы хархәагақәа рыла абиуџьетуаа ркатегориа иаҵанакуа, Урыстәылатәи Афедерациа аицфинансзоужьра иаҵанамкуа рзы ауалафахәқәа 50% ишрыцҵоу. 2024 шықәсазы иазԥхьагәаҳҭеит урҭ абас еиԥш 50 % рыла рышьҭыхра», - адырра ҟаиҵеит Иури Хагәышь.
2023 шықәсазы қәҿиарала инагӡан апроект дуқәа Гагра ақалакь ахәыҷбаҳча шьаҭанкылатәи арҽеира, амҩақәа акаҭран рықәҵара, иара убас Асанитартә-епидемиологиатә станциа ахыбра арҽеира иазкыз. Имҩаԥган шьаҭанкылатәи арҽеира ахәшәтәырҭа аҟәшаҟны, ауааԥсыра ацхыраара рыҭан.
«Гагратәи Ахәышәтәырҭа хадаҟны 2023 шықәсазы шьаҭанкылатәи арҽеира мҩаԥган агинекологиа аҟәшеи ацхыраара ласы ахыбреи рзы, нап аркуп ахирургиатә ҟәша, иааизакны арҽеиратә усурақәа ирықәхарџьын 57 млн мааҭ, урҭ рахьтә 3,9 млн мааҭ артәоит ҳнаплакҩцәа рыцхыраара, уи азы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит», - ҳәа азгәеиҭеит араион ахада.
Иури Хагәыш иҳәеит иара убас Пицунда амҩақәа ашьаҟауаа рныҟәарҭақәа реиҿкааразы имҩаԥгаз аусура ишартәаз 14 млн мааҭ инареиҳаны. «Ҵыԥхтәи ашықәс азы иара убас ихацыркын акультура ахан шьаҭанкылатәи арҽеира, ара ахыб аԥсахра иақәхарџьуп 5,4 млн мааҭ. Аобиект азеиԥш харџьынҵатә хәыԥса иартәоит - 62 млн мааҭ», - ҳәа иҳәеит араион ахада.
Аҳасабырбаҟны иазгәаҭоуп иара убас аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аԥхасҭа зауыз ауааԥсыра ацхыраара рыҭара ишазоужьу 54,4 млн мааҭ. «Иара убас ҳраион анаплакҩцәа ацхыраара ҟарҵеит 11,5 млн мааҭ рҟынӡа, аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы 40 млн мааҭ рҟынӡа», - иацҵаны иазгәеиҭеит Иури Хагәышь.
Администрации анапхгара ҷыдала хылаԥшра рырҭеит социалла иуашәшәыроу атәылауаа, ацхыраара иаҳәоз убас ирзынархан 21,8 млн мааҭ.
«2023 шықәсазы аусура хацҳаркит ақыҭанхамҩа ацхыраара аҭара апрограмма, 23 проект ҳадаҳкылеит, араион абиуџьет аҟнытә ирзоужьу афинанс иартәеит 11 млн мааҭ», - иҳәеит Иури Хагәышь. Иара убас араион аҟны аус ауеит ақыҭанхамҩа ацхыраара аҭара иазку ареспубликатә программа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны 2021 шықәса раахыс ақыҭанхамҩа аминистрра иаднакылеит аԥарагьы рзоунажьит 20 проект 7 млн мааҭ.
Гагра араион ахада адырра ҟаиҵеит иара убас акриминогентә ҭагылазаашьеи амҩатә транспорттә хҭысқәеи рзы. «2023 шықәса аҩныҵҟала ашәҟәы иҭагалоуп ацәгьоурақәа 130, иаарԥшуп 117. 2023 шықәсазы амҩаҟны иҟалаз ахҭысқәа рхыԥхьаӡара наӡоит 60 рҟынӡа, иҭахеит 13-ҩык», - ҳәа иазгәеиҭеит Иури Хагәышь.
«Гагра араион аҟны хархәара змоу афымцамч ахәԥса ашәаразы иҟоу аҭагылазаашьа атәы ҳҳәозар, 2023 шықәсазы ишәоуп 302 млн 658 нызқь мааҭ (51, 8%). Иаанхаз ауал иартәеит 281 млн 417 нызқь мааҭ, урҭ рахьтә аиуристтә хаҿқәа рыҟнытә – 17, 5 млн мааҭ, ауааԥсыра рыҟнытә – 263,8 млн мааҭ», - иҳәеит араион ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит араион аҟны атуризми уи инамаданы аинфраструктуреи рыҿиара шымҩаԥысуа атәы. Араион ахада иажәақәа рыла, ҵыԥхтәи ашықәс азы ахархәарахь ирыҭоуп асасааирҭатә, акурорттә ҵакы змоу аобиектқәа хыԥхьаӡара рацәала.
«Ҵыԥхтәи ашықәс азы ахархәарахь ирыҭоуп асасааирҭақәа 6, агәабзиарачаԥарҭа-курорттә комплексқәа 3, коттеџьтә комплексқәа 3, ауаажәларратә крыфарҭатә обиектқәа 5, адәқьанқәа 9, аҭыжьырҭатә цехқәа 2.
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа Рымш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рымш!
105 шықәса раԥхьа иҭыҵит аԥсуа газеҭ «Аԥсны» актәи аномер. Абри арыцхә – 2019 шықәса жәабранмза 27 Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ҳҳәынҭқарратәи ихьыԥшыми амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәаны ирыланаҳәеит. Агазеҭ «Аԥсны» раԥхьатәи редактор хаданы дҟалеит аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, арккаҩ ду Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа. Дырмит Гәлиеи уи идгыланы аус ицызуаз иҩызцәеи 1919 шықәсазы ауасхыр ззышьҭарҵаз аԥсуа журналистика анаҩс ҳҳәынҭқарра аԥхьаҟатәи ашьақәгылараан қәҿиарала аҿиара аиуит. Агазеҭ хықәкыс иаиуит аԥсуа бызшәа, жәлар рытрадициа, ркультура арҿиара, аҵас бзиақәа реиқәырхара, ареспублика иқәынхоз ажәлар рзы аҵакы змаз ахҭысқәа, апроблемақәа рцәыргара.
Аԥсни Шьамтәылеи риустициа Аминистррақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Анапхгарабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи атәылақәа рыбжьара азинтә усхкы аҿы аусеицура арҿиареи хықәкыс иҟаҵаны, Аԥсны аиустициа Аминистрреи Шьамтәылатәи Арабтә Республика аиустициа Аминистрреи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроект активла аус адырулоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аиустициа Аминистрра апресс-маҵзура.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа инамаданы ирыдныҳәалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа инамаданы ирыдныҳәалеит, ирзеиӷьаршьеит арҿиаратә еихьӡарақәа, агәазҭазаара, ауаажәларра рҟынтәи дара ирбо аџьабаа аилкаара, ажәабжь бзиақәа!
Агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 27 рзы Аԥсны иазгәарҭоит амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа. 105 шықәса раԥхьа, 1919 шықәса жәабран 27 рзы раԥхьаӡа акәны - аԥсышәала икьыԥхьыз агазеҭ «Аԥсны» аҭыҵра иалагеит.
Агазеҭ аредактор хадас дҟалеит аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа.
Агазеҭ «Аԥсны» ркьыԥхьуан Aндреи Ҷоҷуа 1909 шықәсазы иаԥиҵаз, Санкт-Петербургтәи Академиа алахәыла-акорреспондент Пиотр Услар аус здиулаз алфавит ала. Ҩышықәа рыҩныҵҟа иҭыжьын агазеҭ «Аԥсны» 85 номер.
1921 шықәсазы Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь «Аԥсны ҟапшь» ҳәа ахьӡ еиҭакхеит. 1991 шықәсазы иазыргьежьхеит раԥхьатәи ахьӡ.
Агазеҭ аҭыжьра аԥсуа сахьаркыратә литература ацәырҵра иауасхырхеит.
Агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны Аҩбатәи амедицинаә форум аиҿкаареи амҩаԥгареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩбатәи аԥсуа медицинатә форум аатуеит мшаԥымза 22 рзы. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа - Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрреи Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Урыстәылатәи амедицинатә Еилазаареи» (Урыстәылатәи).
Иҟоу заанаҵтәи аинформациа ала, афорум ацхантәаҩцәаны иқәгылоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәылатәи амдицинатә Еилазаара апрезидент Евгени Ачкасови.