АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Хәажәкыр.2025

Аԥсны – ганкахьала Қырҭтәылеи Аԥсни, даҽа ганкахьала Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкразы азинтә усшәҟәы анапаҵаҩра ҟаларц иазыҳәоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2025 шықәса. Апсныпресс. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 63-тәи рраунд Женева ақалақь, ЕАР Амилаҭқәа Рхан аҿы хәажәкыра 4-5 рзы имҩаԥысит. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи, Америкатәи Аштатқәеи, иара убас жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа – Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгылеи, Евроеидгылеи, Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаареи рделегациақәа.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациа иалахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, иара убасгьы Жәлар реизара-Апарламент адепутат Баҭал Џьопуа.

Аиҿцәажәарақәа рымш хада иаԥхьанеиуан ҩ-ганктәи аконсультациақәа. Аимак-аиҿак еснагь аиԥш ҩ-усутә гәыԥк рыбжьара имҩаԥысуан – ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа рзы.

Аиҿцәажәарақәа рраунд амҩаԥысраан алахәылацәа ирҳәеит аҭынчреи, ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рыхьӡала аусуратә процесс еиҳа хра аманы амҩаԥгара ишазыхиоу.

Аганқәа зегьы Гал ақалақь аҿы Ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рҭак аҟаҵареи рмеханизм аусура аиҭаларгаразы агәаҳәара шрымоу шьақәдырӷәӷәеит.

Актәи аусутә гәыԥ амшхәаԥштә азҵаара аҩбатәи апункт ралацәажәараан алахәылацәа зегьы иазгәарҭеит аҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа шҭышәынтәало, ишшәарҭадо. Аԥсны – ганкахьала Қырҭтәылеи Аԥсни, даҽа ганкахьала Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкразы азинтә усшәҟәы анапаҵаҩра ҟаларц иазыҳәоит.

Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рганқәа рхаҭарнакцәа ирҳәеит Еидҵоу Атәылақәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хадаҿы ахҵәацәа рырхынҳәра азҵаара абжьыҭира аҟынтәи иқәырхаанӡа аҩбатәи аусуратә гәыԥ аҿы ари азҵаараз алацәажәара ҳақәшаҳаҭхом ҳәа.

Аԥсны атәылауаа рмилаҭтә тәылауаҩшәҟәқәа рыла рхы иақәиҭны рныҟәареи адунеи ахи-аҵыхәеи иакәшарц азы иҟоу аԥкырақәеи аҭахкаарақәеи раԥыхреи ртема азхьаԥшра ду аҭан. Уи азҵаара 2025 шықәса рашәарамза аҩбатәи азбжазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд аҳәаақәа ирҭагӡаны аусуратә гәыԥ аҿы иалацәажәахоит.

Иарбоу азҵаарала аинформациатә сессиа аиқәыршәареи амҩаԥгареи азыԥхьагәаҭоуп.

Аганқәа зегьы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусура ацҵаразы агәазыҳәара шрымоу шьақәдырӷәӷәеит. Аделегациақәа рнаԥхгаҩцәа ргәаанагарала аиҿцәажәарақәа рылшарақәа макьана инагӡаны ахархәара рыҭаӡам. Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ирыцҵахоит. 64-тәи араунд мҩаԥысраны иҟоуп 2025 шықәса рашәарамза аҩбатәи азыбжазы.

 

 

 

 

 


Read 521 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.