«Жәаҳәарада, зегьы раԥхьаӡа иргыланы иазгәасҭарц сҭахуп Шәара Аԥсны ажәлари иааизакны ареспубликеи рзы иҟашәҵо адгылара иабзоураны ауп иахьа Аԥсны аҿиаразы алшара ахьамоу, зегь раԥхьаӡа иргыланы Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара ахьҳалшо», – ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Иара Урыстәыла аԥыза иҭабуп ҳәа еиҳәеит Ахада ифонд аҟынтәи ареспубликаҿы иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иазку амемориалтә комплексқәа реиҭашьақәыргылара аус азы иҟаиҵаз ацхырааразы, ашколхәыҷқәа мҽхакы ҭбаала рдиспансеризациа амҩаԥгареи, ареспублика аенергетикатә система адгылареи рзы.