«Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы афымцамч азымхара иахҟьаны уахыки ҽнаки рзы 11 сааҭ рҟынӡа аамҭа-амҭала алашара арцәара ҳалагар акәхеит. Шәара иҳашәҭаз адгылара иабзоураны ҳара афымца азымхара иадҳәалаз апроблема аӡбара ҳалшеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, агуманитартә шьаҭала Аԥсныҟа иаашьҭыз афымцамч амҽхак анҵәарахьы инеит. Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, афымцамч азымхара мшаԥымза аҽеиҩшамҭанӡа ишыҟазаауа азгәаҭаны, Аԥсныҟа иаарышьҭуа агуманитартә фымцамч амҽхак ацҵаразы сшәыҳәар сҭахын», – ҳәа Кремль имҩаԥысыз Владимир Путини иареи реиԥылара аҿы иҳәеит Бадра Гәынба.
Владимир Путин ари азҵаара аӡбараҿы ацхыраара шыҟаиҵо азы ажәа ииҭеит.