АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 12:16

Владимир Путин иҩбоу Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаҩра рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы анапынҵақәа шриҭо атәы иҳәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Кремль имҩаԥысыз Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини ҿыц Аԥсны Ахадас иалхыз Бадра Гәынбеи реиԥылара аҿы ишьҭыхыз атемақәа ируакуп иҩбоу Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаҩра рыҭара иадҳәалоу азҵаара.

Ҩ-тәылауаҩрак раиуразы Аиқәшаҳаҭра атәылақәа рпарламентқәа рҿы аратификациа азырухьеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩрагьы рыҭара алагара алзыршо амеханизм ашьақәыргылароуп иаанханы иҟоу. Шәара ижәдыруеит Шәара иҟашәҵаз адгылара абзоурала ас еиԥш аӡбамҭа шрыдыркылаз, ҳтәыла атәылауаа рахьтә 70% инареиҳаны Урыстәылатәи Афедерациа ишатәылауаау. Иҟоуп ари аҩыза алшара ахархәара иахьымӡаз ауаа, иҟалозар, ус еиԥш аҭагылазаашьа ыҟазар, ас еиԥш апрограмма иацҵазар ҳҭахын», – ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Владимир Путин иҩбоу Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаҩра рыҭара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы анапынҵақәа шриҭо атәы иҳәеит.

 


Read 77 times - Аԥшьаша, 06 Хәажәкыр 2025 04:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.